Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Салаҟаиаԥҳа Аԥсни Қырҭтәылеи рнапы зҵарҩыз ашәҟәы аҭоурых иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Салаҟаиаԥҳа Аԥсныи Қырҭтәылеи рнапы зҵарҩыз ашәҟәы аҭоурых иазкны
Анапаҵаҩра
Шәышықәса раԥхьа ԥхынҷкәын 16, 1921 шықәсазы Аԥсни Қырҭтәылеи рнапы зҵарҩыз ашәҟәы аҭоурых атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Альдона Салаҟаиаԥҳа.
Шәышықәса раԥхьа, ари амш азы Аҧсни Қырҭтәылеи рыбжьара аиҩызаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩуеит.
Аҧсны Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь, Аҧсны шықәсык аҟара формалла асоветтә Урыстәыла аҟынтәи еиҧш, асоветтә Қырҭтәылагьы иахьыҧшымызт. Ԥхынҷкәынмза, 1921 шықәса рзы Аҧсны аԥхьагылаҩцәа рнапы аҵарҩуеит Сталини Орџьоникиӡеи ақәыӷәӷәара иҟарҵаз ала “иҷыдаз аиҩызаратә еиқәшаҳаҭра”, иахьаҳәоз: "...амилаҭқәа жәытә-натә аахыс еидызҳәало еицырзеиҧшу акыр ахьыҟаз аҟынтә, Қырҭтәылеи Аҧсни рреспубликақәа аҩ-ганкгьы аибашьратә, аполитикатә, афинанстә - економикатә еидгыла рнапы аҵарҩуеит". Абас ала, аҳәынҭқарратә структурақәеи, анхамҩеи, жәлар ркомитетқәеи, амаҵзурақәеи зегьы рҽеидырҵоит.
Арадиостудиаҿы аҭоурыхҭҵааҩ Альдона Салаҟаиаԥҳа илҳәеит усҟан Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарраны ишыҟаз, Асоветтә социлисттә Республика Аԥсны ахьӡын. Лара еиҭалҳәеит, Аҧсни Қырҭтәылеи рыбжьара аиҩызаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵаҩразы ахҭысқәа рыҿиашьа шыҟалоз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0