Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Смыр аныҳәаз аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы: алаҵа, ма COVID шырхыргахьоу азы аршаҳаҭга рымазароуп

Смыр аныҳәаз аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы: алаҵа, ма COVID шырхыргахьоу азы аршаҳаҭга рымазароуп
Анапаҵаҩра
Аныҳәақәа рыламҭалаз аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа еихеит. Аҿаҵарақәа рацәоуп. Иҟоуп аҭыԥ ахьнымхаз аԥсшьарҭа ҩынқәагьы. Ари сынтәа мацароуама, мамзаргьы есышықәса ус иҟоу, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Афон ҿыц иҟоу асасааирҭа ҩны аиҳабы Витали Смыр.
Аԥсны ашықәсҿыцтәи аныҳәамшқәа рзы хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа раара иазыԥшуп, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны атуризм аминистрра апресс-маҵзура.
"70% рҟынӡа аҿаҵақәа ҳадаҳкылахьеит. Алашареи аӡыи рыла иҟоу аиԥҟьарақәа ҳҭагылазаашьа маҷк иаруадаҩуеит, аха уигьы ҳҽазыҟаҳҵеит. Есышықәса ирацәоуп Ашықәс ҿыц Аԥсны иаԥылар зҭаху, уи шьҭа традициак аҳасабала иныҟәыргоит", - азгәеиҭеит Смыр.
Витали Смыр иажәақәа рыла, ачымазара аҽацәахьчаразы аԥҟарақәа ишрықәныҟәо.
"Ҳара ҳахь иаауа ирзаҳаҩуеит, ма алаҵа, ма ачымазара шырхыргахьоу атәы аршаҳаҭга рымазарц шахәҭоу. Иҳамоуп алшара аҭелқәа рыла акодқәа ргәаҭара. Уи аҳәынҭқарра иҳаднамҵаӡеит, уи ҳара ҳхала иаҳхәыцыз ауп. Аара зҭаху уи аԥҟара рыдыркылоит. Убас ала ҳаламгар, ари азҩа ирлас иҳалҵӡом, ҳхы ҳахьчароуп", - еиҭеиҳәеит Смыр.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0