Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа даанкылоуп аԥареи амаининг-хархәагеи зӷьычыз ацәгьоуцәа руаӡәк

© Sputnik / Томас Тхайцук Милиция
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2021
Анапаҵаҩра
Ацәгьоура аҭыԥ аман Аҟәа, ԥхынҷкәын 9 азы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Аҟәатәи ААР актәи аҟәша аусзуҩцәа ацәгьоура аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.
Заанаҵтәи еилацәажәарыла гәыԥҩык ауаа амчра рхы иархәаны ауаатәыҩса рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭара иҭаргыло амазара рымхрази, закәаншьаҭада абџьар аахәара, аҵәахра, аныҟәгара рзи иара убасгьы закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьар амазаарази Аҟәа инхо Едуард Џьынџьал даанкылоуп.
Ԥхынҷкәын 9 асааҭ 03.30 азы Аҟәатәи ААР ахь аҭел иасит ацәгьоура ҟалеит ҳәа. Аҭыԥ ахь инеиз аопергәыԥ ишьақәнаргылеит асааҭ 01.30 аамҭазы ҩыџьа ауаа асабрадақәа рҿаҵаны абџьар рыманы Аҩӡба имҩаҿы игылоу аҩнахьы ишнеиз, аҭаацәа ирықәымчны 150 000 мааҭ аԥареи акриптавалиута арҳаразы аппаратқәа хԥеи рымхны аҭыԥ аҟынтәи автомашьына Honda Fit ала ишцаз.
Автомашьына аанкылан Гәымсҭатәи амҩаҿы. Иара аԥсҟы икын Џьынџьал Едуард Гиви-иԥа, 1986 шықәсазы ииз. Амашьына ангәарҭоз иаарԥшын анаркотикатә маҭәашьар "марихуана". Џьынџьал иганахь ала ашьаус хацыркын.
Анаҩстәи аусҭҵаара-оперативтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан ишьақәыргылахеит иара Аҩӡба имҩаҿы аҭыԥ змаз ацәгьоура дшалахәыз.
Џьынџьал иҿы иқәшаҳаҭхеит иумҭақәа рзы. Егьырҭ ацәгьоура алахәылацәа рыԥшааразы аусурақәа мҩаԥысуиет.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Џьынџьал ҩымз ҳәа аанкылара иқәнаҵеит. Аусҭҵаара цоит абарҭ ахәҭаҷқәа (АА АЗ ахә .4 ахә. 159, ахә. 2 ахә. 217, ахә. 1 ахә. 223 ) инарықәыршәаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0