Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габлиаԥҳа аиндустриатә коллеџь аиҭашьақәыргыларазы: даара игәцаракны иҟаҵоуп

Габлиаԥҳа аиндустриатә коллеџь аиҭашьақәыргыларазы: даара игәцаракны иазнеины иҟаҵоуп
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә аиндустриатә коллеџь аиҳабы Светлана Габлиаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ахыбра аиҭашьақәыргыларазы имҩаԥгаз аусурақәа ртәы.
Светлана Габлиаԥҳа иазгәалҭеит аколлеџь аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыбра хәҭак аҿы ишымҩаԥысуаз, уи азы ацхыраара рырҭеит Еиду амилаҭқәа рхеилаки, Европатәи ахеилаки.
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә аиндустриатә коллеџь аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит 2019 шықәсазы. Ари аамҭа иалагӡаны аус ду мҩаԥган, ҳәа лҳәеит Габлиаԥҳа аиҿцәажәараҿы.
"Аҭыӡқәа, адашьма, аҭуан зегьы еиҭарҿыцуп, адашьма акәзар ирԥхоуп, актәии аҩбатәии аихагылақәа рыҟны аԥенџьырқәа ԥсахуп аихацла иҭакуп. Ахыб абжа ԥсахуп, иара убас амардуан, амаакырҭа", - ҳәа лҳәеит Габлиаԥҳа.
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә аиндустриатә коллеџь аиҳабы еиҭалҳәеит иахьатәи аамҭазы аҵараиурҭаҿы иарбан занааҭқәоу астудентцәа ирыдыргало.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0