Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳашԥҳаи Ҭаркьылԥҳаи Аԥсны адемографиатә ҭагылазаашьа иазкны

таркил хашба
Анапаҵаҩра
Аҵарауаҩ Асҭанда Ҳашԥҳаи Гәдоуҭатәи АҬАР аиҳабы Саида Ҭаркьылԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы Аԥсны адемографиатә ҭагылазаашьа атәы, иарбан рбагақәоу аҵыхәтәантәи ашықәс азы иҟоу, насгьы иаадырԥшуа аҭҵаарақәа ртәы иалацәажәеит.
"Адемографиа азҵаара аҳәынҭқарразы ихадароу зҵаараны сахәаԥшуеит избанзар, ахәыҷбаҳчахь иҳашьҭуа ахәыҷқәа ҳмоуазар, ҳҳәынҭқарра зыхьчо, арра ицо аҷкәынцәа ҳмоуазар, нас изаҳҭахыузеи уи аҳәынҭқарра. Аҿар аҵара ашьҭахь хәыҷык аус рур рҭахуп, русураҿы аихьӡарақәа иаҳа ирызхьаԥшуа иалагоит. Анаҩс иашьҭалоит аҭышәынтәалара, рхатәы уаҭах, рхатәы машьына. Ақыҭа ӡӷабцәа ақалақь аԥсҭазаара агьама анырбалак, ақыҭахь аҭаацәара иалалар рҭахӡам, ари даара иуадаҩраны иҟалеит, уи аазырԥшызгьы аҭҵаарақәа роуп. Аҷкәынцәа ақыҭаҿы иаанхо аиҵбацәа аҭаацәара изалалаӡом. Аҭаацәара иалалаз аҿаргьы ирацәаҩуп ахыҵакырҭа змам. Аишьцәа аҳәса ааргар, еиҿыҵроуп, аха иахьцо рымаӡам. Аҳәынҭқарра уи аганахьала ҷыдала апроект аԥырҵароуп ҳәа исыԥхьаӡоит", - ҳәа азгәалҭеит Ҳашԥҳа.
Гәдоуҭатәи АҬАР аиҳабы Саида Ҭаркьылԥҳа аиҿцәажәараан иаалгеит ахыԥхьаӡарақәа, сынтәа шаҟаҩы иизи иԥсызи, урҭ ҵыԥхтәи ашықәс иаҿлырԥшит.
"Иахьазы Гәдоуҭа араион аҿы иит ҳәа ашәҟәы иҭагалоуп 208-ҩык ахәыҷқәа. Ҵыԥх иҭагалан 266-ҩык. Иахьазы 307-ҩык ауааԥсыра ԥсит ҳәа иҭагалоуп. 2020 шықәса иалагӡаны рыԥсҭазаара иалҵит араион аҿы - 143-ҩык", - ҳәа лҳәеит Гәдоуҭатәи АҬАР аиҳабы.
Аҵарауаҩ Асҭанда Ҳашԥҳа еиҭалҳәеит астатистика ашьакәыргылараан иҟоу аиқәымшәарақәа ртәы, илҳәеит уи зыхҟьогьы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0