Путин: Украина амчра еиҭаркаанӡа Ҟрым Урыстәыла адҵара ҳгәы иҭамызт

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Ялта
Города России. Ялта - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 – Sputnik. Украина амчра еиҭаркаанӡа Ҟрым Урыстәыла адҵара ҳгәы иҭамызт ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
Иара иажәақәа рыла ҟрымаа 2014 шықәсатәи ахҭысқәа рышьҭахь мап узрыцәкуамызт.
"Ҟрым аганахь ала, асеиԥш ҳгәгьы ҳхгьы иҭамызт, аха 2014 шықәсазы аҳәынҭқарраҿ амчра еиҭакын, ауаа ршьуан, ирбылуан. Избан? Аҭак амам. Амчра захҳәатәыз усҟантәи ахада Виктор Ианукович ихала амчра даԥырҵырц анигәиҭаз, иара усгьы аоппозициаа анаиааиуаз. Абри ашьҭахь Ҟрым, Севастополь иқәынхо ауаа ҳахьчар акәхеит. Убасеиԥш аҭагылазаашьа ҳҭадыргылеит, аҽакала ахымҩаԥгашьа алымшо", - иҳәеит Путин апресс-конференциаҿ.
Весна в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2019
Аполитолог: Ҟрым Урыстәыла иахәҭакуп ҳәа изыԥхьаӡо ауаа рхыԥхьааӡара иацлоит
Ажәабжьқәа зегьы
0