Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Табаӷәуа Аԥсны алхратә закәан азы: уа апроблема ыҟаӡам

Хра злоу ахҭысқәа: Ҭаԥаӷәуа алхрақәа рзы азакәан иазкны
Анапаҵаҩра
Алхратә комиссиа хада анапынҵақәа хыркәшахоит иахьа. Апарламент аҟынтәи АКХ ахь иалхуп ааҩык алахәылацәа. Апарламент ахь алхрақәа рыламҭалаз алхратә комиссиа хада аиҭарҿыцра аус арадио Sputnik аефир аҿы ахҳәаа аиҭеит Аԥсны Жәлар реизара адепутат Баҭал Табаӷәуа.
"Асессиа мҩаԥгатәын хымш раԥхьа, аха адепутатцәа реизгара алмыршахеит. Иреиҳаӡоу алхратә комиссиа алахәылацәа рыӡбахә анырҳәо аоппозициа аҟнытә ажәалагалақәа ҟарҵоит. Жәлар реизара аиҳабы иааигеит 4-ҩык рсиа, ҳәараҭахума, адепутатцәа аӡәгьы мап ацәыимкит, егьырахь х-ҩык ныжьын уаанӡа аус зухьоу, аԥышәа змоу. Алхратә комиссиа азакәан иацныҟәаны аус руеит. Иалало дара рхала ак ԥхасҭарымтәыр, џьаргьы еилшәара ҟалаӡом. Атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтә иаауа анаԥшыҩцәа иазгәарҭахьеит, ара даара иаарту алхроуп ҳәа. Азакәан иашамкәа уаԥхьан даҽак уӡбозар, нас аӡбартахь укылнагоит. Алхратә комиссиа алахәыла азиндырыҩ изанааҭ имазароуп", - ҳәа азгәеҭеит Табаӷәуа.
Жәлар реизара адепутат Аԥсны алхратә азакәангьы ахҳәаа аиҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0