Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Манаргиа еиҭеиҳәеит, асоуреи аҵаақәеи раан амҩаҿы ахымҩаԥгашьа шахәҭоу атәы

Манаргиа еиҭеиҳәеит, асоуреи аҵаақәеи раан амҩаҿы ахымҩаԥгашьа шахәҭоу атәы
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ааԥхьара ҟанаҵоит амашьынарныҟәцаҩцәа рахь аҭакԥхықәреи агәҽанызаареи аадырԥшларц амҩақәа рҿы. Асоураан амҩаҿы ииашоу ахымҩаԥгашьа атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥышәа ду змоу Алхас Манаргиа.
Алхас Аԥсны аӡәырҩы амашьынарныҟәцәаҩцәа реиԥш аӡынтәи абарбалқәа имаӡам макьана, аха даара агәҽаанызаара иманы амҩа дануп арҭ амшқәа рзы, ҳәа азгәеиҭеит иара арадиоефир аҿы. Алхас еиҭеиҳәеит, амҩақәа рҿы машәыр ҟамларцаз иара дзықәныҟәо аԥҟарақәа ртәы.
"Аӡын амашьынаҿы антифриз ҳәа изышьҭоу ҭазароуп. Иара убас, аԥхьатәи асаркьа иақәырҭәо аӡы мҵаарц, уахьгьы иҷыдоу ҭауҭәар ҟалоит. Ашьыжь асаркьа ҵаазар, аӡыршы ақәҭәара ҟалаӡом, уи иаразнак иҷҷоит. Уи амхра уалагар ҟалоит, иҟоуп амаҭәарқәа, аха сара аашьаҩцәа сырхыԥхьаӡалоуп аҟынтәи, амашьына аус аруны сҭатәоит, ианыԥхалак, аҵаа аӡыҭра иалагоит. Иҳәатәуп, асаҿы ахымҩаԥгашьеи аҵааҿы ахымҩаԥгашьеи зынӡаск ишеиԥшым, аха убри аан аанкылага ақәыӷәӷәара рацәак уашьҭалар ҟалаӡом, иныҟәатәуп ашьшьыҳәа", - ҳәа азгәеиҭеит Манаргиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0