https://sputnik-abkhazia.info/20211226/patu-zyz-abakhatra-vladimir-basaria-igalashara-iazkny-1036921565.html
Пату зқәыз абаҩхатәра: Владимир Басариа игәалашәара иазкны
Пату зқәыз абаҩхатәра: Владимир Басариа игәалашәара иазкны
Sputnik Аҧсны
88 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз ашәҟәыҩҩы, апрозаик, адраматург... 26.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-26T15:15+0300
2021-12-26T15:15+0300
2021-12-26T16:54+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/1a/1036919850_0:20:1267:733_1920x0_80_0_0_d936b69c30c158828131ffd7bc700bfd.jpg
Аԥсуа литература ашьақәгылараҟны, аԥсуа культура аизҳазыӷьараҟны злагала дуу, иааиԥмырҟьаӡакәан уи амаҵ азызуаз ашәҟәыҩҩы, апрозаик, адраматург Владимир Басариа иԥсҭазаара иалҵра гәалсра-дула ирыдыркылеит акыршықәса ҩызара изызуаз, аус ицызуаз, иааигәаны дыздыруаз иҩызцәа.Владимир Басариа дравторуп 20 шәҟәы инареиҳаны, уахь иаҵанакуеит апублицистикатә рҿиамҭақәагьы."Владимир Басариа ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа аӷьараҳәа иалагылаз шәҟәыҩҩын, драматургын, журналистын. Зегьы рыла пату зқәыз баҩхатәран. Аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа икалам камыршәӡакәан аус иуан. Ажурнал "Алашара" дадҳәалан, уаҟа ианылахьан иажәабжьқәа, иповестқәа, ироманқәа. Ипрозатә ҩымҭақәа хә-томкны иҭыҵхьеит, уаҟа иагәылалеит ипрозатә жәабжьқәа, иповестқәа, ироманқәа. Апублицистика аҟәшаҿы аџьабаа рацәа ибахьан", - ҳәа иҳәоит ажурнал "Алашара" аредактор хада, апоет Анатоли Лагәлаа.Ашәҟәыҩҩы ибаҩхатәра инаваргыланы, уаҩык иаҳасабала иҟазшьақәа азгәарҭоит уи дызгәалазыршәо зегьы."Иареи сареи хынҩажәа шықәса инареиҳаны ҳаиҩызцәан, иашьак иеиԥш сихәаԥшуан. Иԥсҭазаара иалҵра ӷәӷәала иснырит, сгәы снархьит. Иуаҩреи иаамысҭашәареи раԥхьа иргылон, иҟазшьа бзиан, гәык-ԥсыкала ижәлар рымаҵ иуан, ганрацәала абаҩхатәра илан", - ҳәа иҳәоит Руслан Қапба.Владимир Басариа диит ԥхынҷкәын 5, 1934 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Заԥхьаҟа ишәҟәыҩҩхараны иҟаз акьыԥхьрахь дцәырҵуа далагеит 1950-тәи ашықәсқәа рзыҳәаны. Раԥхьаӡатәи иажәабжь ашәҟәы ианылеит 1955 шықәсазы. Иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа "Алашара", "Амцабз", Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия", "Еҵәаџьаа" уҳәа.Идраматә ҩымҭақәа иреиуоуп: "Абзиабара акәаҳара мариам", "Амра шкәакәа", "Хырԥара зқәым", "Ахаҵарашәа", "Шьхатәылан адыд", "Аныҟәаҩцәа" уҳәа. Иповестқәа иреиуоуп: "Акурорттә роман", "Алаԥшҳәаа аӡиас иахыԥоит". Ироманқәа: "Аԥсҭҳәеиқәаҵәеи ажәҩанҵлашеи", "Еҵәаџьаа анылаҟәуа", "Амш ашара" уҳәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/1a/1036919850_0:0:1267:951_1920x0_80_0_0_efc40c68a278e96d7ebf80eebcdaf95a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Пату зқәыз абаҩхатәра: Владимир Басариа игәалашәара иазкны
15:15 26.12.2021 (ирҿыцуп: 16:54 26.12.2021) Наала Гәымԥҳа
Sputnik акорреспондент
88 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз ашәҟәыҩҩы, апрозаик, адраматург Владимир Константин-иԥа Басариа.
Аԥсуа литература ашьақәгылараҟны, аԥсуа культура аизҳазыӷьараҟны злагала дуу, иааиԥмырҟьаӡакәан уи амаҵ азызуаз ашәҟәыҩҩы, апрозаик, адраматург Владимир Басариа иԥсҭазаара иалҵра гәалсра-дула ирыдыркылеит акыршықәса ҩызара изызуаз, аус ицызуаз, иааигәаны дыздыруаз иҩызцәа.
"Аҵыхәтәантәи аамҭазы даара угәы унархьыртә иҟоуп ҳлитература акыр шықәса шьаҟас иаҵагылаз ашәҟәыҩҩцәа, ҳҵарауаа хатәрақәа инеиқәырццакны рыԥсҭазаара ралҵра. Владимир Басариа иԥсҭазаара иалҵра цәыӡ дууп Аԥсны жәлар зегьы ҳзыҳәаны. Аԥсуа литература аҟны ишьҭа бзианы иаанижьит, иара ихатәы рҿиаратә мҩаҟны акымкәа-ҩбамкәа ажәабжьқәа, аповестқәа, ароман шьахәқәа аԥиҵахьеит", - ҳәа иҳәоит алитератураҭҵааҩ Руслан Қапба.
Владимир Басариа дравторуп 20 шәҟәы инареиҳаны, уахь иаҵанакуеит апублицистикатә рҿиамҭақәагьы.
"Владимир Басариа ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа аӷьараҳәа иалагылаз шәҟәыҩҩын, драматургын, журналистын. Зегьы рыла пату зқәыз баҩхатәран. Аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа икалам камыршәӡакәан аус иуан. Ажурнал "Алашара" дадҳәалан, уаҟа ианылахьан иажәабжьқәа, иповестқәа, ироманқәа. Ипрозатә ҩымҭақәа хә-томкны иҭыҵхьеит, уаҟа иагәылалеит ипрозатә жәабжьқәа, иповестқәа, ироманқәа. Апублицистика аҟәшаҿы аџьабаа рацәа ибахьан", - ҳәа иҳәоит ажурнал "Алашара" аредактор хада, апоет Анатоли Лагәлаа.
Ашәҟәыҩҩы ибаҩхатәра инаваргыланы, уаҩык иаҳасабала иҟазшьақәа азгәарҭоит уи дызгәалазыршәо зегьы.
"Иареи сареи хынҩажәа шықәса инареиҳаны ҳаиҩызцәан, иашьак иеиԥш сихәаԥшуан. Иԥсҭазаара иалҵра ӷәӷәала иснырит, сгәы снархьит. Иуаҩреи иаамысҭашәареи раԥхьа иргылон, иҟазшьа бзиан, гәык-ԥсыкала ижәлар рымаҵ иуан, ганрацәала абаҩхатәра илан", - ҳәа иҳәоит Руслан Қапба.
Владимир Басариа диит ԥхынҷкәын 5, 1934 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Заԥхьаҟа ишәҟәыҩҩхараны иҟаз акьыԥхьрахь дцәырҵуа далагеит 1950-тәи ашықәсқәа рзыҳәаны. Раԥхьаӡатәи иажәабжь ашәҟәы ианылеит 1955 шықәсазы. Иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа "Алашара", "Амцабз", Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия", "Еҵәаџьаа" уҳәа.
Идраматә ҩымҭақәа иреиуоуп: "Абзиабара акәаҳара мариам", "Амра шкәакәа", "Хырԥара зқәым", "Ахаҵарашәа", "Шьхатәылан адыд", "Аныҟәаҩцәа" уҳәа. Иповестқәа иреиуоуп: "Акурорттә роман", "Алаԥшҳәаа аӡиас иахыԥоит". Ироманқәа: "Аԥсҭҳәеиқәаҵәеи ажәҩанҵлашеи", "Еҵәаџьаа анылаҟәуа", "Амш ашара" уҳәа.