Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьапуа игәалаиршәеит Ашықәс ҿыц аныҳәа аламҭалаз Мрагыларатәи афронт аҟны ицоз ажәылара ду

Џьапуа игәалаиршәеит Ашықәс ҿыц аныҳәа аламҭалаз Мрагыларатәи афронт аҟны ицоз ажәылара ду
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц аныҳәа аламҭалаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Мрагыларатәи афронт аҿы аидыслара ӷәӷәақәа цон. Афронт аштаб аиҳабыс иҟаз Баҭал Џьапуа игәалаиршәеит урҭ амшқәа.
"Аидыслара ӷәӷәа иалагеит амза 26 рзы (ԥхынҷкәын - азгәаҭа) ашьыжь асааҭ фба ҟалаанӡа 15 минуҭ шагыз. Аҭара ақыҭа инаркны Бедианӡа Мрагыларатәи афронт ацәаҳәа амҽханакит, 80 километра инареиҳаны зныкала еицжәылеит ақырҭцәа аҩбатәи рбригада, нас "Гал араион амилаҭтә гвардиа", "Цхум-Цалинџьыхтәи абригада" ҳәа иҟаз, урҭ ирылахәын Аҟәа игылаз Гәымсҭа афронт ацәаҳәа зкыз. Уахьынтәи ииаганы иааргеит цхыраара ҳәа актәи абригада амчқәа, арезерв ҳәа Гәылрыԥшь араион аҟны ирымаз, уи адагьы агәыԥқәа Қарҭынтәи, Русҭави, Кәҭешьи рҟынтәи иааргеит. Убарҭ зегьы рҽеидкыланы иҳажәлеит. Зныкала ижәылоз инықәырԥшшәа хԥа-ԥшьба нызқь иреиҵамызт. Урҭ ирыцхраауан артиллериа, авиациа, акәылӡтәы техника. Уи зларылшаз дара, уи аамҭазы Гәымсҭа афронт аҟны аԥсуааи ақырҭцәеи жәымш ҳәа аамҭалатәи аинышәара (апатла) рыбжьаҵан. Убри аамҭалатәи аинышәара аныҟарҵоз Мрагыларатәи афронт адмырбаӡеит. Ақырҭцәа убри агха ду рхы иархәаны, ирымаз амчқәа ааизырган, зныкала Мрагыларатәи афронт азҵаара рыӡбарц ргәы иҭакны ижәылеит. Ажәылара амза 29-нӡа ицон", - иҳәеит Џьапуа.
Иара иазгәеиҭеит уи ажәылара ду аан аԥсуаа аӷацәа ирцәыргаз адгьылҵакырақәа хәажәкырамзанӡа идырхынҳәуан еибашьны.
"Амчқәа еиҿырԥшышьа рымаӡам. Ҳара абџьар азы даара ҳкьасан, аџьаԥҳаны - зынӡа ергьҳәа. Усгьы ҳзышьцылаз акәын, ирымаҳхыз абџьар ала ҳрабашьуан. Аҷкәынцәа аԥышәа рыман, маанала еибашьит, иахьаҭахыз иаҿагылеит, иахьаҭахымыз - инаскьеит. Абџьар аҟамзаара адагьы еицәан аҵаа, асы, ахьҭа. Ахыҵакырҭа умоуа, аҭабиа иҭатәаз "ҳаԥсуазаргьы, ҳҭыҵӡом" ҳәа еимаада, маҭәада, фатәыда абарҭ амшқәа зегьы даараӡа иуадаҩны ирхыргеит. Абас еиԥш ахаҵара аазырԥшыз иахьа санрыхәаԥшуа хәыҷык иџьасшьоит рхымҩаԥгашьа", - иҳәеит Џьапуа.
Иара убасгьы игәалаиршәеит уи ажәылара ду ашьҭахь Ашықәс ҿыц аныҳәа ишаԥылаз.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0