Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала 2022 шықәсазтәи абиуџьет азакәан апроект аднакылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент РА
Парламент РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.12.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 29 азы имҩаԥысит сынтәатәи ашықәс азы иҵыхәтәантәиу Жәлар Реизара асессиа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала 2022 шықәсазтәи абиуџьет азакәан апроект аднакылеит ԥхынҷкәын 29 рзы.
Адокумент рыдигалт аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Абиуџьет алагалақәа рыхәҭаҷ иартәоит 9 млрд 430 млн мааҭ, аныхрақәа - 9 млрд 984 млн мааҭ.
"Апроценттә ныхрақәа азгәамҭакәа адефицит 500 миллион мааҭ ыҟоуп", – иҳәеит Делба.
Сессия в парламенте  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.12.2021
Аԥсны
Апарламент 2022 шықәсазы Аԥсны Абанк аԥара-кредиттә политиказ ақәҵара аднакылеит
Ареспубликатә биуџьет азы азакәан апроект ашьақәыргылараан иазгәаҭан 2021 шықәсатәи абиуџьет аҭагылазаашьа.
Аҩнуҵҟатә лагалақәа рырбага хадақәа ҳәа иара иазгәеиҭеит ашәахтә шәарақәа реизҳара - 850 млн мааҭ.
"Абиуџьет ахырхарҭа амԥсахӡеит, асоциалтә хырхарҭа шамаз иаанхеит. Аиҳарак ҽаангьы сынтәеиԥш аныхрақәа ҟалоит агәабзиарахьчара асистемаҿы. Аныхрақәа еизҳауеит егьырҭ ахырхарҭақәа рҿгьы", - ҳәа иҳәеит аминистр.
"2022 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп 200 миллион мааҭ рыла абиуџьетбжьаратә трансферқәа рызҳара. Иара убасгьы иазԥхьагәаҭахоит Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа реиқәыршәареи иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа хәшәыла реиқәыршәареи рзы апроектқәа рыцҵара. Иацҵахоит анхарҭаҭыԥқәа зҭаху атәылауаа реиқәыршәара апрограмма", - иҳәеит Делба.
Иара убасгьы Аҵәахырҭатә банк аԥаралагалаҩцәа ршәарақәа ирыцҵахоит. 2021 шықәсазы 2,5 млн мааҭ ыҟазар, 2022 шықәсазы 4 млн мааҭ азгәаҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0