Владимир Путин урыстәылаа рахь Ашықәс ҿыц аламҭалаз аҳәамҭа ҟаиҵеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел встречу с финалистами конкурса "Большая перемена"
Президент РФ В. Путин провел встречу с финалистами конкурса Большая перемена - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада ажәлар рахь инацҳамҭа раԥхьа ирбеит Камчатка инхо атәылауаа, уа Ашықәс ҿыц иаԥылахьеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин иуаажәлар рахь ашықәсҿыцазтәи анацҳамҭа ҟаиҵеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Иҳәамҭаҿы Урыстәыла ахада иҳәеит ртәыла ауадаҩра дуқәа ишрықәшәаз, аха урҭ риааира шрылшо.
"Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар, сҩызцәа! Абар маҷӡак ашьҭахь 2021 шықәса нҵәоит, иҟалаша аамҭагьы ашә ҳнылагылоит. Ииашоуп, ус еиԥш есҽны, есминуҭ, ессекунд иҟалоит, уи еиԥымҟьарада имҩаԥысуа процессуп, аха ашықәс ҿыц ҳанҭало, ихадоу ҳаԥсҭазаара ахәҭак ахь ҳаиасуазшәа ҳгәы иабоит", - иҳәеит иара.
Путин иазгәеиҭеит ари аныҳәаан ауаа зегьы иааиуа ашықәс азы абзиарақәа адыркылоит, уи агәыӷрагьы еиднакылоит.
Иара убас Владимир Путин инаҵшьны иҳәеит Урыстәыла ауадаҩра дуқәа ишрықәшәаз, аха ажәлар урҭ риааишьа ишақәшәаз, апроблемақәа рыӡбашьа шырҵаз, уи зегьы рылшоит аидгылара ахьаадырԥшуа ауп.
Владимир Путин иуаажәлар ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, уи аныҟала ауп егьырҭ азҵаарақәагьы рыӡбара аналшо.
"Гәыкала ишәыдсныҳәалоит иааиуа Ашықәс ҿыц. Хымԥада - агәабзиара шәзеиӷьасшьоит, уи аныҟала ауп егьырҭ азҵаарақәагьы рыӡбара аналшо, аусура, аҵараҵара, аҟазара уҳәа - иахьабалак ақәҿиарақәа шәзыԥшызаауеит. Досу шәыҩнаҭақәа рҟны агәырӷьарақәа ҟалааит, ахәыҷқәа иилааит, урҭ агәабзиара рыманы, иҟәышны, аиаша иазықәԥаҩцәаны иҟалааит. Досу шәгәаҵаҿ ақьиара, абзиабара ыҟазааит, уи шәгәы иҭашәкуа зегьы анагӡараҿы хымԥада ишәыцхраауеит. Иҟашәҵо аус бзиақәа зегьы Шәыԥсадгьыл аԥхьа ишьҭоу адҵақәа рынагӡараҿы иуасхыр ӷәӷәахоит!" - иҳәеит урыстәылаа раԥхьагыла.
Президент РФ В. Путин провел совещание с членами правительства РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2021
Аԥсны
Путин Бжьаниа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит
Иара убас иара иҳәеит атәыла анапхгара урыстәылаа рыԥсҭазаара аиӷьтәра шакәу хықәкы ирымоу.
Путин инацҳамҭаҿы иазгәеиҭеит Урыстәыла аекономика аамҭа кьаҿк иалагӡаны ашьҭыхра шрылшаз, еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны астратегиатә зҵаарақәа рыӡбарахь ишкылсыз. Аха убри аамҭазы иӡбам азҵаарақәагьы ыҟоуп, аха иааидкыланы иаҳхысыз ашықәс Урыстәылазы иқәҿиаран иҳәеит иара.
Уи адагьы, иара дрыдышшылеит COVID-19 иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз рҭынхацәа, иара убас ҷыдала дрыдныҳәалеит ԥхынҷкәын 31 рзы змаҵуратә уалԥшьақәа назыгӡо аруаа, аҳақьымцәа, амашьынарныҟәцаҩцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0