Акыр ишәарҭоу астероид Адгьыл иазааигәахоит 2029 шықәса рзы

© AFP 2023 / M. KORNMESSERАстероид
Астероид - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2022
Анапаҵаҩра
Астероид адиаметр 400 метра раҟара иҟоуп, акапан - 30 тонна раҟара.
АҞӘА, ажьырныҳәа 2 - Sputnik. Даара ишәарҭоу астероид Апофис 2029 шықәса ааԥынразы Адгьыл акыр иазааигәахоит, агеостационартә спутникқәа ирбартә еиԥш. Абри аҩыза азԥхьагәаҭара ҟарҵеит Урыстәыла аграждатә хьчареи аҭагылазаашьа ҷыдақәеи рыпроблемақәа ирызку Урыстәылазегьтәи аҭҵаарадырратә институт аҿы.
Азԥхьагәаҭара инақәыршәаны ари ахҭыс ҟалоит Акосмонавтика амш адырҩаҽны - мшаԥы 13 2029 шықәса рзы.
Аҟазауаа иазгәарҭоит астероид Адгьыл иаахар, зхы иақәиҭхо амчхара 1717 мегатонна шьақәнаргылоит. Уи 30-нтә еиҳауп 1961 шықәса рзы аԥышәарақәа раан иԥыржәаз адунеи аҟны зегь реиҳа идууз асоветтә термоиадертә бомба.
Уи каҳар, иҟалар зылшо адгьылҵысра 6,5 балл инаӡоит, аԥшасра 790 метра секундк ала инаӡоит ҳәа аарыцҳауеит азԥхьагәаҭараҿы.
Идуу акосмостә обиектқәа рахь иаҵанакуеит здиаметр километрак еиҳау астеродиқәа.
Адгьыл аҟны иҟоуп астероидтә кратерқәа 120 раҟара. Урыстәыла иҟоу рахьтә зегьы иреиҳауп Попигаитәи агәаҩара Сибратәи аплатформа аҩадахьы. Аҩнуҵҟатәи акратер 75 километра иҟоуп, адәахьтәи - 100 километрак. Ари акатастрофа ҟалеит 36 миллион шықәса раԥхьа.
Метеорит дуӡӡак акаҳара иахҟьаны Адгьыл ианыӡааит ирацәаны зыԥсы ҭоу ахкқәа (250 миллион шықәса раԥхьа). Луис Альварес игипотезала, даҽа метеоритк акаҳара иахҟьаны адинозаврқәа аныӡааит.
Ажәабжьқәа зегьы
0