Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арадио Sputnik амҩаԥгаҩ "Аԥсны аҭынчра ахьчаразы" амедал ланаршьеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Лана Абшилава
Лана Абшилава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2022
Анапаҵаҩра
Афотоеицлабраҟны ԥшь-номинациак ықәыргылан: "апортрет", "есҽнытәи аԥсҭазаара", "арепортаж", "хәатәгәаԥхарала еибашьуаз". Зынӡа аицлабра алахәхаразы арзаҳалқәа 20 алаҵан.
АҞӘА, ажьырныҳәа 2 - Sputnik. Ахԥатәи афотоеицлабра "Абхазия в фокусе" аноминациа "Аветеран ифото" аҿы аиааира згаз арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Лана Аԥшьлааԥҳа Аԥсны атәылахьчара аминистрра "Аԥсны аҭынчра ахьчаразы" амедал ланашьоуп. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит аминистр ԥхынҷкәын 28 рзы ҳәа аанацҳауеит афотоеицлабра Facebook аҿы адаҟьаҿы.
Иазгәаҭоуп, аҳамҭа шланашьахо ашықәсҿыцазтәи аԥсшьарамшқәа рышьҭахь В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша амузеи аҟны.
Ахԥатәи афотоеицлабра "Абхазия в фокусе" рылаҳәан рашәарамзазы, уи рызкын 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа. Аицлабраҿы аиааира згаз рыӡбахә ҳәан жьҭаара 31 рзы.
Аԥшьлааԥҳа Абхазия в фокусе аҿы аиааира згаз лҭыхымҭазы: иаразнак схахьы дааит афырхаҵа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2021
Арадио
Аԥшьлааԥҳа "Абхазия в фокусе" аҿы аиааира згаз лҭыхымҭазы: иаразнак схахьы дааит афырхаҵа
Ажурналистка Лана Аԥшьлааԥҳа лфотоҭыхымҭа иану лыжәлантә Зураб Аԥшьлаа иоуп. Уи ипатреҭ ҭылхит лҭел ала.
Зураб Аԥшьлаа - 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра даветерануп. Ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал, дынхоит Очамчыра араион Река ақыҭан.
© Foto / Лана Абшилава Зураб Абшилава
Зураб Абшилава - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.01.2022
Зураб Абшилава
Ажәабжьқәа зегьы
0