Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габилаиа еиҭеиҳәеит иҳаҩсыз ашықәс Очамчыра араион азы изеиԥшраз, гәҭакқәас ирымоу атәы

Габилаиа еиҭеиҳәеит иҳаҩсыз ашықәс Очамчыра араион азы изеиԥшраз, гәҭакқәас ирымоу атәы
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габилаиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иҳаҩсыз ашықәс араион азы изеиԥшра аамҭаз, иҟаз аиҵахарақәа зыхҟьаз, еихьӡарас иҟоу, аԥхьаҟатәи рыгәҭакқәа ртәы.
2021 ашықәс араион азы имариамызт, маҷк ахьанҭарақәа ацын ҳәа азгәеиҭеит Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габилаиа.
"Ҳраион аҟны аекономика, асоциалтә ҭагылазаашьа аганахьала ауадаҩрақәа ахааназгьы иҟан. Ҳбиуџьет анагӡара залыршамхеит, уи аиҳарак шьақәзыргыло иҳамоу аԥсыӡ зауадқәа роуп, аԥсыӡ ахьыҟамыз иахҟьаны 50 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара алагаламхеит абиуџьет. Араион аҟны иҟаҵатәны ҳгәы иҭаз аусқәа раӷьырак ҳзыҟамҵеит. Аҳәынҭқарра аҟынтәи ахылаԥшра ҳаман, ауаа руалафахәы ианаамҭаз ироуан ҳаиҵамхеит", -иҳәеит Габилаиа.
Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ еиҭеиҳәеит ҵыԥх амшцәгьақәа ирыхҟьаны анхацәа роура аԥхасҭа шаиуз, иҳәеит зынхарақәа ааха аиуз цхыраара маҷк ҩ-хәҭакны рзыҟаҵара шазгәаҭыз, иахьа уажәраанӡагьы аҩбатәи ахәҭа иаҵанакуа шәарақәак рзыҟаҵара ргәы ишҭоу.
Артемон Габелаиа иара убасгьы дырзааҭгылеит, ҳзазҭалаз ашықәс азы араион аҟны иазгәаҭаны ирымоу, инарыгӡаша аусқәа ртәы.
Аицәажәара аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0