Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2022 шықәсазы раԥхьа Аҟәа ииз ахәыҷы ақалақь ахада иҟынтәи аҳамҭа иоуит

© Sputnik / Томас ТхайцукРоддом.
Роддом. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.01.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik. Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны 2022 шықәсазы раԥхьа ииз асаби дыҷкәыноуп, Самир Воуба ихьӡуп, абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ақалақь ахадара асаит.
Ахәыҷы диит ажьырныҳәа 3 ахәылбаҽха, икапан 4 кьылак иҟоуп, иоура 58 сантиметр. Аҩнаҭаҟны иара ахԥатәи хәыҷуп. Самир иаҳәшьцәа ҩыџьа ыҟоуп - фышықәсеи ԥшьышқәсеи бжаки зхыҵуа.
Виктория Цушба-Воуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.01.2022
Викториа Цәышба-Воуба
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе Аҟәатәи ахшараиурҭа даҭааны ахәыҷы иан Викториа Ҵышәба- Воуба илыдеиныҳәалеит, лнапаҟны илиҭеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ихьӡала 100 нызқьмааҭ шроуа атәы зҳәо асертификат.
Сурманиӡе иҳәеит аԥхьаҟагьы ари аҩыза аус ишацҵахо.
Ажьырныҳәа акы инаркны Аҟәа иихьеит 15 - ҩык ахәыҷқәа, рызегьы ргәы бзиоуп ҳәа азгәалҭеит Аҟәатәи ахшараиурҭа аҳақьым Есма Шьанааԥҳа.
2021 шықәсазы Аҟәа ахада иҟынтәи ари аҩыза аԥаратә ҳамҭа роуит аҷкәын дзауз Ԥачалиаа рҭаацәара.
Ажәабжьқәа зегьы
0