Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа имҩаԥысуеит аԥсуа рҵаҩцәа злахәу аӡынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы"

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Учитель года" Новосибирской области Татьяна Глиненко
Учитель года Новосибирской области Татьяна Глиненко - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.01.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik. Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра жьырныҳәа 4 инаркны 9-нӡа раԥхьаӡа акәны имҩаԥыргоит Урыстәылатәи Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол " Ашықәс арҵаҩы", абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра.
Апроект рхы аладырхәуеит Урыстәылантәи 22 регион аҟынтәи 40-ҩык инреиҳаны "Ашықәс арҵаҩы" аиндаҭлараҟны аиааира згаз арҵаҩцәеи Аԥснытәи арҵаҩцәеи.
Апроект хықәкыс иамоуп, Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи аиндаҭлара "Ашықәс арҵаҩы" иалауреатцәахаз аԥснытәи арҵаҩцәеи дареи рԥышәа аимадара. Аӡынтәи ашкол зхы алазырхәыз Аԥснытәи арҵаҩцәа иранаршьоит асертификатқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0