Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аԥсны еицырдыруа ауаа: Сангәлиа Виктор Санеев иҭоурых иазкны

Аԥсны еицырдыруа ауаа: Сангәлиа Виктор Санеев иҭоурых иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ииз иааӡаз, СССР еизгоу акоманда иаланы аурыла хынтәтәи аԥаразы хынтәтәи аолимпиатә чемпион Виктор Санеев идунеи иԥсахит. Иара ибзианы дыздыруаз, атлетика лас азы Қырҭтәыла еизгоу акоманда алахәылас иҟаз Иван Сангәлиа иҩыза дигәалаиршәеит.
Виктор Санеев – аспорт аҭоурых аҿы иараӡәк иоуп урыла хынтәтәи аԥаразы хынтәтәи олимпиатә чемпионы иҟалахьоу. Иара иреиӷьу ҳәа далкаан 1968, 1972, 1976 шықәсқәа рызтәи Аолимпиадақәа раан, 1980 шықәса рзы Москва Виктор Санеев араӡны медал даԥсахеит.
Иван Сангәлиа арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит Виктор Санеев иҭоурых, аспорт ахь дышнеиз, насгьы Аԥснынтәи Қарҭҟа нхара ҳәа ицара шыҟалаз атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0