Алма-Ата агаз ахә ашьҭыҵра иаҿагылоу ауаа ақалақь ахадара ахыбра иҩналеит

© Sputnik / Камшат Абдирайым / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГазовые протесты в Казахстане
Газовые протесты в Казахстане  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2022
Анапаҵаҩра
2022 шықәса актәи амшқәа инадыркны Ҟазахсҭан ақалақьқәа рҿы ауаа аҿагыларатә акциақәа рахь ицәырҵит аӡшьартә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз азы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Алма-Ата агаз ахә ашьҭыҵра иаҿагылоу ауаа ақалақь ахадара ахыбра иҩналеит ҳәа адырра ҟанаҵоит РИА Новости.
Ахыбраҟынтәи алҩа еиқәаҵәа ахалара иаҿуп, ахысбыжьқәа гоит ҳәа аҭыԥ аҟцынтәи адырра ҟаиҵоит акорреспондент.

"Аҿагылара аазырԥшуа ауаа ақалақь ахадара ахыбрахь еихеит, аполициаа ирыжәлоит, ирыпҟоит, рԥыракқәеи рхыхьчагақәеи рымырхуеит. Аполициаа иҷыдоу ахархәагақәа рхы иадырхәоит, алашарабжьыцәгьатә рԥжәагақәагьы убрахь иналаҵаны", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.

Ҟазахсҭан аиҳабыра Алма-Ата аҭагылазаашьа ҷыда арежим аларгалеит: ажьырныҳәа 19 рҟынӡа акоменданттә сааҭ алагалоуп, ауаа рацәа злоу аусмҩаԥгатәқәеи аҿагыларатә акциақәеи рымҩаԥгара ҟалом, абџьар, аџьаԥҳаны, арыжәтә џьбарақәа рыҭира ҟалом.
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵуан аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло. Ари аҩыза ахә ашьҭыҵра зыхҟьаз ҳәа Аенергетика аминистрра мзызс иаанагоит ажьырныҳәа 1 инаркны агаз ахәԥса аелектронтә биржатә хәаахәҭырҭақәа рҟны уи аҭахреи шаҟа рыдыргалои еиҿырԥшны ахәԥса шьақәдыргыло иахьалагаз азоуп ҳәа.
Атәыла ахада Касым-Жомарт Токаев анапынҵа ҟаиҵеит аҭагылазаашьа ҭызҵаауа акомиссиа аԥҵазарц, уи акомиссиа ажьырныҳәа 4 рзы адырра ҟанаҵеит аҿагылара аазырԥшуа ауаа ирхаҵгыланы агаз ахәԥса аларҟәра ишазыхиоу. Аха аҿагыларатә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ииасит. Ажьырныҳәа 4 рзы ахәылбыҽха Алма-Ата аҿагылара аазырԥшуаз ауаа амчратә усзуҩцәа ирыжәлеит, аполициаа ракәзар, агази алашарабжьыцәгьатә рԥжәагақәеи рхы иадырхәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0