Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҭаацәара насыԥла еиқәшәарц азы изықәныҟәо азгәаҭарақәа ирызку алегендақәа

© Sputnik / Леон Адлейба Дети радуются мыльным пузырям
Дети радуются мыльным пузырям   - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.01.2022
Анапаҵаҩра
Аҭаацәара насыԥла еиқәшәарц азы изықәныҟәо азгәаҭарақәа ирызку алегендақәа дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аҩнаҭа насыԥла иҭәны иҟаларц, ма аҭаацәа иркуа-иршьҭуа рықәманшәалахо, имшхарц иҟоуп аԥсуаа зықәныҟәо азгәаҭарақәа. Иаҳҳәап, амшра ҩнатә ԥстәык, мамзаргьы маҭәарк иалазар ауеит, мамзаргьы маҭәарк аҟынтәи даҽа маҭәарк ахь ииасыр алшоит ҳәа рыԥхьаӡоит. Уи иазкны аԥсуаа рҿы иҟоуп абас еиԥш иҟоу алегенда:
Плющ - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2019
Ашәчбӷьы, аҵәымӷқәа, арацәа ҽыҭқәа, мамзар аԥсуаа алаԥш рыҽшацәырыхьчо
Аҳак ак зқәымыз ԥҳак диман, иааҟалҵалак ак лықәманшәалахомызт. Даҽа аҳак убасҵәҟьа ак зқәымыз ԥак диман. Аҳ иԥҳа абри егьи аҳ иԥа насыԥда дииҭеит. Ҽнак аҳ иԥа ныҟәарак аҟынтәи дшаауаз амҩан ласба хәыҷык ибан, аҩныҟа иааигеит, иааӡеит. Убри инаркны арҭ аҭаацәа русқәа маншәалахо иалагеит, рырахә-рышәахә, рмал ҵҩа амамкәа еизҳаит. Ишырҳәоз ала, аҳ иԥа аҩныҟа иааигаз аласба амшра ацзаарын. Ҽнак абхәа иԥҳаи имаҳәи шынхо збоит ҳәа дахьааиз, ила иабаз џьеишьеит, иагьидырит урҭ рыманшәалара абри ала шакәыз излаз. Амаҳә ачара иуит, иабхәа иқәнагаз аҳамҭа ииҭарц далагеит, аха абхәа абри алоуп дзыҳәаз, егьырҭ зегь мап рцәикит. Ала аҩны идәылҵны ианцоз амшра аӡыс иазыннажьит. Аҳ иҩны данааи идырит ари ала мышра шаламыз. Деиҭацеит имаҳә иахь, абри аӡыс изишьырцгьы имаҳә иеиҳәеит. Амаҳә ус иагьыҟаиҵеит. Аха уи аамҭазы шьоук нарықәлан, абхәеи амаҳәи еибашьра ицеит. Аҩнаҭаҿы ахәыҷы дыҟан. Афатәҟаҵаҩ аӡыс акәац ахәыҷы иҿаиҵеит. Убри алагьы анасыԥ урҭ рыҩны иаанхеит. Аҳ деигәырӷьеит ианеиликаа анасыԥ иԥҳаи имаҳәи рыҩнаҭа иадҳәаланы ишыҟоу, уи аҟәыгашьагьы шамам анеиликаа.
Иҟоуп азгәаҭарақәа ҩнаҭацыԥхьаӡа амшра зцу ԥстәума, мамзаргьы маҭәарума акы ыҟоуп ҳәа. Иахьагьы изықәныҟәо иазгәарҭақәо иреиуоуп: аӡәы ирахә иҭиуазар, уи ахәыц алхтәуп ҳәа, ирахә-ишәахә иҩнаҭа иагымкәа иҟаларц, даҽакала иуҳәозар, уи арахә амшра ҽаџьара имцарц азы.
Амшра зцу аҭыԥ, ауаҩы, аԥстәы: ақьабзқәеи азгәаҭарақәеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2019
Амшра зцу аҭыԥ, ауаҩы, аԥстәы: ақьабзқәеи азгәаҭарақәеи
Убарҭқәа рнеҩсгьы амшра зцу ауаҩы ихаҭа иакәзаргьы ауеит.

Амшра зцу ауаҩы уҩны дыҩналар зегьы ирҭахуп, аиҳаракгьы амзартә ныҳәақәа раан. Иаҳҳәап, ашықәс ҿыц азы, иара убасгьы Ажьырныҳәазы зымшьҭа бзиоу, амшра зцу ауаҩы ҳәа игәаҭан ирымоу рыҩныҟа даарыԥхьоит, зегь раԥхьа иара ишьаҿа еихигарц ҽаӡә днеиаанӡа. Аха убри аан, амшра зцу ауаҩы имшра иҩнаҭаҿы инхарц азы, агәылароума, ҽаџьароума дцаанӡа, ашьыжь даныҩагылалак, аҩны дынҭыҵны дааиуашәа ныҟаиҵахуеит, зегь раԥхьа иара иҩнаҭахьы ауп ишьаҿа ахьеихиго.

Ас еиԥш иҟоу азгәаҭарақәа уԥылоит егьырҭ Кавказ ажәларқәа рҟынгьы. Ҿырԥштәыс иаҳгозар, акәырдцәа ишазгәарҭо ала, аҩнаҭа иадҳәалоу маҭәарк амшра, анасыԥ алазар ауеит. Убри аҟынтә Ашықәс ҿыц ауха аҩнаҭа иатәу маҭәарк аҩны анҭыҵ иаанхар, аҩнаҭа амшра ацәыӡуеит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ари иаҿҳарԥшыр ауеит аԥсуаа разгәаҭара ашықәс ҿыц ауха аҩнаҭа иадҳәалоу зегьы аҩны иҟазароуп, аишәачыс еицахатәозароуп ҳәа ирыԥхьаӡо, асааҭ жәаҩа анааигәахо аҩнаҭа иатәу аӡәы адәахьы дынхар ҵасым ҳәа ашьара.
Ҩнаҭацыԥхьаӡа рхатәы азгәаҭарақәа азыԥҵәаны ирымоуп рынасыԥ, рымшра ирыдҳәалоу. Урҭ рҽырыԥсахуазаргьы ҳаамҭазгьы актуалра рыманы иҟоуп. Ашықәс ҿыц аныҳәазгьы доусы разгәаҭарақәа ирықәныҟәоит ашықәс рықәманшәалахарц азы.
зшьапы мшу ауаҩы - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2021
Шьапымшыла: амшра зцу ауаҩы иныҳәара
Ажәабжьқәа зегьы
0