Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аинвестпрограммала 2022 шықәсазы Мыркәыла амҩаду шьақәдыргылоит

© Foto / АПСНЫПРЕССПремьер-министр Александр Анкваб провёл рабочую встречу
Премьер-министр Александр Анкваб провёл рабочую встречу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр аиԥылара мҩаԥигеит Мыркәыла амҩаду аиҭашьақәыргылара азҵаара иазкны.
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik. Очамчыра араион Мыркәыла ақыҭа амҩаду еиҭашьақәыргылахоит 2022 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестпрограмма ацхыраараала. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа реилазаара асаит.
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ахаша аусуратә еиԥылара мҩаԥигеит ақыҭа амҩаду аиҭашьақәыргылара азҵаара иазкны. Аиԥылара иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба, Мыркәыла ақыҭа ахада Анри Хәырхәмал, иара убас ақыҭанхацәа Џьумбер Зыхәбеи Руслан Гергиеи.
Иазгәаҭоуп, Аинвестпрограммала Маркәыла амҩаду аиҭашьақәыргылара ишақәхарџьхо 16 миллион мааҭ.
2022 шықәса актәи аԥшьбарак ахырқәшамҭазы Мыркәыла амҩаду еиҳа ихадоу аиҭашьақәыргылара ахьаҭаху 3,6 километр ( 15 500 метр ԥшьыркца) ҟаҵахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0