Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа имҩаԥысраны иҟоу "Аԥсны жәлар Рконгресс" аизара ду атәы

Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа имҩаԥысраны иҟоу "Аԥсны жәлар Рконгресс" аизара ду атәы
Анапаҵаҩра
"Аԥсны жәлар Рконгресс" аизара ду шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны апарламент раԥхьатәи ааԥхьара адепутат Давид Ԥлиа.
"Амза 25 - 29 ҳәа ауп макьана иԥхьаӡаны ишҳамоу (аизара амҩаԥгара- азгәаҭа), иҟалоит 25 ма 27 рзы. Иааиуа ашәахьа иҳаӡбоит. Ҳара ҳахиоуп, акрааҵуеит ҳахиоуижьҭеи, аха иахьа иҟоу аҿкчымазара азгәаҭаны, араионқәа ҳанрылаз даара ауаа ҳреиҷаҳаны ҳцәажәарақәа ҟаҳҵеит, уажәшьҭан аӡәы ҽԥныҳәа ҟаимҵарц "ачымазара ҳзаашәгеит" ҳәа. Иалҳхыз ахыбра дууп (аизаразы)…уи адагьы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ҳрацәажәахьеит, азин ҳауроуп аизара амҩаԥгара", - иҳәеит Ԥлиа.
Иара иазгәеиҭеит аизараҟны атәыла анапхгара, адепутатцәа рнаҩсгьы ишырзыԥшу Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рҟынтәи аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа.
Ԥлиа еиҭеиҳәеит "Аԥсны жәлар Рконгресс" аизара ду аҟны ирыдыркылараны иҟоу ашәҟәқәа , ауаажәларратә еиҿкаара ахықәкы атәы.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0