Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аныҳәаҩ Қәҭелиа еиҭеиҳәеит Ажьырныҳәа иацу аҵасқәа ртәы

Аныҳәаҩ Қәҭелиа еиҭеиҳәеит Ажьырныҳәа иацу аҵасқәа ртәы
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә хеидкыла "Аԥшьаҭыԥ" аныҳәаҩ хада Борис Қәҭелиа арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Ажьырныҳәа иацу аҵас, азгәаҭақәа ртәы.
Аԥсуаа жәытәнатә аахыс Ажьырныҳәа ашықәсеиҩшара ҳәа ирыԥхьаӡон. Ари аамҭазы амра аԥхынрахь ианхышәҭуа, амш иубаратәы ацлара ианалаго ауп. Ажьырныҳәа аԥсуаа рытрадициаҿы акырӡа ҳаҭыр змоу, амчра ду змоу ҳәа ирԥхьаӡо ныҳәароуп.
Амшьҭа ыҟоуп, имшу ауаҩы дыҟоуп ҳәа азгәеиҭоит аныҳәаҩ Борис Кәҭелиа.
"…Амза 14 рзы аиҭанеиааирақәа аԥсуаа ҳҟны иахьабалак еиԥшӡам. Абжьыуаа ҳҟны иахьеиҭанеиааиуа ыҟоуп, убасгьы иахьымеиҭанеиааиуагьы. Абзыԥқәа рҿгьы аиԥшымрақәа ыҟоуп. Уи сара иџьасшьом, аԥсуа жәаԥҟа иаҳәоит "ҩыџьа аишьцәа рышьтәашьышьа еиԥшым" ҳәа…Пату зқәуҵо угәыла бзиа, уҩыза бзиа "Абра усзаар сҭахуп" ҳәа аҽны даауԥхьар ҟалоит. Араса амаҵәи ашәчи иманы дааиуеит уи. Игәы, иԥсы, ихы цқьаны дымҩахыҵуазароуп агәараҭахь", - иҳәеит Қәҭелиа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны ишәаҳар шәылшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0