00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Такие обстоятельства
14:04
26 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:28
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:46
12 мин
Инструкция по применению
18:58
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:28
1 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:46
12 мин
Инструкция по применению
21:58
2 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аԥсни Урыстәылеи рырҿиаратә коллективқәа реиԥылара аихшьаалақәа
13:33
2 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
13 мин
Турбаза
Восточная Абхазия: планы Минтура по развитию экскурсионных маршрутов
14:21
26 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Такие обстоятельства
Сухум и Нижний Новгород: сотрудничество и развитие отношений
14:46
4 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Амедицинатә коллеџь аҟны аҵарашықәс алҵшәақәа реихшьаала
18:16
3 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апрокуратура рҿахәы рҿырхит Аҟәа амитинг ҳалахәын ҳәа арзаҳалқәа назгаз ауаа

© Sputnik / Томас ТхайцукПрокуратура Сухума
Прокуратура Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2022
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 13 ахәылԥаз Аҟәа ақалақь апрокуратурахь инеит гәыԥҩык аоппозициа ахаҭарнакцәа ԥхынҷкәын 21 рзы аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысыз амитинг ҳалахәын, ҳаргьы ҳаанышәкыл ҳәа.
АҞӘА, ажьырныҳәа 14 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа апрокуратура рҿахәы рыҿнахит Аҟәа ззин ыҟамкәа имҩаԥгаз амитинг ҳалахәын ҳәа адырра ҟазҵаз ауаа. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Адырраҭараҿы ишазгәаҭоу ала, Аҟәа апрокуратурахь аоппозициа рхаҭарнакцәа гәыԥҩык арзаҳалқәа рыман инеит. Дара ирҳәеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса рзы имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа ишалахәыз, убри инамаданы дара арзаҳалқәа рҩит, аҳәарагьы ҟарҵеит ацәгьоура шыруз азы хатәгәаԥхарала адырра ҟарҵеит ҳәа иԥхьаӡазарц, иахәҭоу ахьырхәра иақәдыршәарц.
"Иааргаз арзаҳалқәа инарықәыршәаны, урҭ атәылауаа ашаҳаҭцәа раҳасабала рҿахәы рҿыхын, аха ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса рзы аилаҩеиласрақәа реиҿкаара, ма аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа иҟаз аибарххарақәа рылахәра афакт шьақәдмырӷәӷәеит. Убри аан иазгәаҭатәуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусԥшааратә закәанеидкыла ахәҭаҷ 141 ишазԥхьагәанаҭо дарбанзаалак ауаҩы ацәгьоура шыҟаиҵаз азы хатәгәаԥхарала адырра ҟаиҵоит ҳәа", - ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Заанаҵтәи ашьаусԥшааратә усбарҭа аршаҳаҭгақәа реизгара ишаҿыц иаҿуп "ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласрақәа еиҿызкааз рганахьалагьы".
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысит ззин рыҭамыз амитинг, анаҩс уи аҿагыларатә акциахь ииасит.
Ԥхынҷкәын 23 рзы Аҟәатәи апрокуратура ашьаус хацнаркит ԥхынҷкәын 21 рзы ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласрақәа реиҿкаареи рылахәхареи афакт азы.
Ажьырныҳәа 8 рзы Аҟәа апрокуратура иааннакылеит урҭ аибарххарақәа ирылахәыз хәҩык ауаа.
Иаанкылоу харас ирыдырҵоит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 206 ахәҭа 2 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоура - ауаа рацәа злахәу аиҿагыларақәа рылахәра.
Сухумский Городской суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2022
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥгаз аиҿагыларақәа ирылахәыз ахәбатәи ахаҿы аҩнытә рбаандаҩра иқәырҵеит
Ажьырныҳәа 11 рзы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылаҩцәа хҩык рганахьала азыӡбақәа аднакылеит. Урҭ иреиуоу Аслан Ҭаниа жәохәымш ихақәиҭра далхәыдатәызарц иқәнаҵеит, Баҭал Ҵәыџьба – мызки жәохәымши, Рамаз Џьопуа – хәажәкыра 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра даҵакызарц.
Баграт Сурмаа иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит ҩажәамш - ажьырныҳәа 28 рҟынӡа даанкылазарц.
Анрик Инаԥшьба мызкы ҳәа - жәабран 8 рҟынӡа дбаандаҩызарц иқәырҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0