Адлеиба "Абрыскьыл иҳаԥы" сынтәатәи аҭааҩцәа рзы: аӡынгьы шьҭа ҳҽеиқәҳаршәароуп
13:00 15.01.2022 (ирҿыцуп: 19:14 15.01.2022)
Адлеиба "Абраскьыл иҳаԥы" сынтәатәи аҭааҩцәа рзы: аӡынгьы шьҭа ҳҽеиқәҳаршәароуп
Анапаҵаҩра
Отаԥ иҟоу "Абрыскьыл иҳаԥы" аиҳабы Асҭамыр Адлеиба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашықәсҿыцтәи аныҳәамшқәа раан шаҟаҩы асасцәа рҭааз атәы.
2022 шықәса раԥхьатәи жәамш ирылагӡаны Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит 13 284-ҩык аԥсшьаҩцәа, Афонҿыцтәи аҳаԥы - 9 414-ҩык. Аԥсны мрагыларахьтәи аган аҟынӡа инаӡаз аԥсшьаҩцәа рацәаҩхама? Отаԥтәи аҳаԥы аныҳәамшқәа раан шаҟаҩы аҭааз атәы еиҭеиҳәеит "Абраскьыл иҳаԥы" аиҳабы Асҭамыр Адлеиба.
"Сынтәа еиԥш ахаан иҳамбацт Отаԥтәи аҳаԥы иаҭаауа, аӡын акәым аԥхынгьы иҳамбацызт, ибзиоуп, аха амшцәгьа ҳԥырхагахеит. Ҩымш ауаа рацәаны иҳазҭамыжьлеит, избанзар амш аныцәгьоу аӡы халоит. Ас ауаа рацәахазшәа анызба, Агәыӡера иҟоу адәқьан аҿы арезина магә дуқәа (15 цыра ракәын ирымаз), иаахәаны иаазгеит. Убас гәаҟрыла иҭаҳгалеит 100-ҩык адуцәа 250 мааҭ ҳәа, ахәыҷқәа 100-ҩык. Ҩышәҩык ауаа удаҩрала иҳадаҳкылеит, ҳаиқәшәаӡамызт. Ас ауаа ҳауеит ҳәа ҳаҟаӡамызт. Ҩышәҩык уи мышкы инеиз ракәӡам, усҟаҩык ауаа ҳазҭода? Ауаа рацәаҩны 80-100 ҩык рҟынӡа неит аӡы шьҭыҵны ианыҟаз, аха аӡәгьы дҳазҭамыжьлеит. Ас ауаа ҳамаӡамызт, хҩык-хәҩык иаҳзаауан имаҷ-маҷны. Шьҭа идәықәлеит, издыруада ҳазгәарҭазар, аԥхьаҟа иаҳбап иҟало, ҳҽеиқәҳаршәароуп шьҭа аӡынра", - иҳәеит Адлеиба.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.