https://sputnik-abkhazia.info/20220116/khyk-akoronavirus-zlaz-apatsienttsa-rysazaara-ialit-gdouati-akhshtyray-1037163759.html
Хҩык акоронавирус злаз апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы
Хҩык акоронавирус злаз апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 38840-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 33027-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 572-ҩык. 16.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-16T23:27+0300
2022-01-16T23:27+0300
2022-01-17T13:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0b/04/1031225280_0:0:3421:1924_1920x0_80_0_0_3adaae8e7b152db4eb689a5da6c74073.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 16- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 293-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 72-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 85-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 35-ҩык, ибжьаратәуп - 50-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит быжьҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 24-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0b/04/1031225280_15:0:2746:2048_1920x0_80_0_0_543f46834e2d1186daa6ae87edd9eaf3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Хҩык акоронавирус злаз апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы
23:27 16.01.2022 (ирҿыцуп: 13:00 17.01.2022) Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 38840-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 33027-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 572-ҩык.
АҞӘА, ажьырныҳәа 16- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 293-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 72-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык апациентцәа: 71 шықәсеи 68 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа аҳәсеи 65 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 85-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 35-ҩык, ибжьаратәуп - 50-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит быжьҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 24-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа шьҭоуп.