Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҷкотуа Аԥсны аветеранцәа рзы: аҳәоуеиқәшәарахь шьаҿак ҟарҵар, ажәларгьы адгылоит

Ҷкотуа Аԥсны аветеранцәа рзы: аҳәоуеиқәшәарахь шьаҿак ҟарҵар, ажәларгьы адгылоит
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik аефир аҿы ауаажәларратә усзуҩы Октаи Ҷкотуа Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьазы игәаанагара иҳәеит, аветерантә еиҿкаарақәа "Амцахареи" "Аруааи" рхаҭарнакцәа реиԥылара ахҳәаа аиҭеит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рполитикатә еиҿкаара "Амцахара" ахаҭарнакцәеи, аветерантә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәеи, Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәеи реиԥылара мҩаԥысит ажьырныҳәа 12 рзы.
"Абзиара аныҟауҵалак, цәқәырԥак иаҩызоуп, аҽарҭбаауеит. Иҵегь заа иҟаҵатәын. Сара ҳаибашьцәа сгәынамӡара расҳәон, рҽеиҩшаны иахьыҟоу амзызала шакәу иахьа Аԥсны иҟоу апроблемақәа ахьаҳзымыӡбо. Дара ражәа акраҵанакуеит, ажәлар рҿы ҳаҭыр рықәуп. Иааидгыланы, рыжәҩахыр еибыҭаны, аҳәоуеиқәшәарахь шьаҿак ҟарҵар, ажәларгьы иаразнак иадгылоит. Зхатәы интересқәа ирызхәыцуагьы усҟан маҷк рҽырԥхьаркуеит, урҭ шәыргәындоуп, уи анапхгара азҭо ауаа ирнаҭоит алшара, аҭагылазаашьа бзиа. Ари зегь рыла шьаҿа бзиоуп. Ҳара ҳаибашьраҿы аидгылароуп аиааира ҳзыргаз. Ҳажәлар рԥеиԥш еиҳау акгьы ҳамаӡам. Убри ауп ҳара ҳаидызкылаша", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷкотуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0