Лавров: ФРГ амчрақәа рус алоуп RT DE ркыдцалара ҳәа агәаанагара ыҟоуп

© Foto / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПереговоры министров иностранных дел РФ и Португалии С. Лаврова и А. Сантуша Силвы
Переговоры министров иностранных дел РФ и Португалии С. Лаврова и А. Сантуша Силвы - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2022
Анапаҵаҩра
Ателеканал RT аусура иаларгаларан иҟан уахи-ҽнытәи немец бызшәала ажәабжьтә канал - RT DE астудиақәа Москвеи Берлини иҟаҵаны. Аха аусура раԥхьатәи амш аҽны YouTube аканал ҿыц адыркит.
АҞӘА, ажьырныҳәа - Sputnik. Германиа амчрақәа рус алоуп RT DE ркыдцалара ҳәа агәаанагара ыҟоуп Урыстәыла ҳәа иҳәеит Урыстәыла ААР аминистр РФ Сергеи Лавров, ҳәа аҩуеит РИА Новости.

"Агәаанагара ҳамоуп германиатәи аиҳабыра иҟоу аҭагылазаашьа (RT DE аганахь ала) ражәа алоуп ҳәа", - иҳәеит Лавров германиатәи иколлега Аннален Бербок лыҿцәажәара ашьҭахь.

Иара иҳәеит, Москва ишаҭахым Урыстәыла иҟоу анемец журналистцәа русура аԥырхагахара, аха RT Германиа аҭагылазаашьа аҽеиҭанамкыр уи иазхәыцтәхоит ҳәа.
"Ҳгәыӷуеит Германиа жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи рлахәылак аҳасаб ала ауснагӡатәқәа ишахәҭоу иаданкылап ҳәа" - иҳәеит иара.
Здание Министерства иностранных дел РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2021
YouTube RT анемец каналқәа ҩба ахьықәнагаз Урыстәыла ААР ахҳәаа анаҭеит
Уаанӡа ателеканал аредактор хада Маргарита Симониан лажәақәа шьаҭас иҟаҵаны алаҳәара ҟанаҵахьан Russia Today немец бызшәала уахи-ҽнытәи ажәабжьқәа рканал - RT DE астудиақәа Москвеи Берлини иҟаны аусура иаланаргоит ҳәа. Аха аусура раԥхьатәи амш аҽны YouTube аканал ҿыц адыркит .
RT DE нанҳәамзазы официалла азин ҷыда шамоуаз азы адырра аҭан Лиуксембургынтә, цәыббрамзазы - YouTube RT DE ҩ-каналк ықәнагеит реиҭашьақәыргылара алымшо "аԥҟаррақәа еиларгеит" ҳәа. Убри аан RT DE анемец бызшәатә АИХқәа рыбжьара аԥшьбатәи аҭыԥ ннакылон Tubular Labs, Deutsche Welle уҳәа ргәаанагарала.
Берлин иҟоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Нечаев аҳәамҭа ҟаиҵеит RT DE Германиа аҭагылазаашьа хымԥада азхьаԥшра аиуеит ҳәа. Уи аԥхьа Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захаровеи аминистр Сергеи Лаврови ирҳәахьан ари аҭак зҭатәу усуп ҳәа. Берлин-Бранденбург АИХқәа (MABB) рнапхгара апресс-маҵзура 2021 шықәса ԥхынҷкәын 17 азы РИА Новости иазеиҭанаҳәеит амедиамҩақәҵаҩ RT DE Productions GmbH иазашшит апрограмма аусура аларгаразы ҳәа. Абри атәы аусбарҭа ахада Тобиас Шмид " Eutelsat" адырра анаҭеит ҳәа рҳәеит MABB аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0