Урыстәыла ишьақәнарӷәӷәеит еиқәыԥхьаӡоу COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵара иаԥырхагоу

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛечение больных COVID-19 в регионах России
Лечение больных COVID-19 в регионах России - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аколлективтә иммунитет 63,7 процент инаӡахьеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵара иаԥырхагоу реиқәыԥхьаӡаз адҵа инапы аҵеиҩит. Абри адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.
"Адҵа ҟасҵоит акоронавирустә инфекциа COVID-19 аԥзырҟәҟәаауа алаҵаҟаҵара иаԥырхагоу амедицинатә ԥырхагақәа реиқәыԥхьаӡа шьақәырӷәӷәазарц", - ҳәа аҳәоит адҵаҿы.
Иҿҳәарадоу ԥырхаганы ишьоуп:
Апрепарат аилазаара анырра анунаҭо;
Аллергиатә реакциақәа;
Алаҵа ашьҭахьтәи ауадаҩрақәа— анафилактикатә гәыҿкаара, аллергиатә реакциақәа, ақыџьқыџьратә синдром, 40 градус еиҳау ацәашоура, алаҵаҭыԥ ачра (уаанӡатәи алаҵаҟаҵараан ма алаҵа ахәҭак аҟаҵараан).
Иаамҭалатәу ԥырхаганы ишьоуп аҿкратәии авирустәи чмазарақәа:
Аҿкчымазарақәа, ихьанҭаны ма ибжьаратәны имҩасуа, иҿкым, иулаҽны иҟоу ачымазарахкқәа рӷыӷкра – ачымазара аҽҵәылхраамҭаа, агәабзиарашьақәгылара ашьҭахьтәи ҩба-ԥшьба мчыбжьы.
Ареспиратортә вирустә чмазарақәа имарианы рхысраан, аца-кьатеитә уҳәа аҿкратә чымазарақәа рыҟазаараан – ашоура аҭыԥ аҿы илеиаанӡа.
"ЭпиВакКорона", "ЭпиВакКорона-Н", "КовиВак" рыҟаҵара азин ыҟам зхаҭашьа бааԥсу аҿыцҟалара аан.
Аԥҳәыс лцәа анылтәыми агәыҳәԥы ахәыҷы данаҵоуи рзин ыҟам алаҵақәа - "КовиВак", "Спутника Лайт", "ЭпиВакКорона", "ЭпиВакКорона-Н", "Спутник-М", "Гам-КОВИД-Вак-Лио".
Вакцинация препаратом Sputnik V в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2022
Аԥсны
Аԥсны акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟарҵахьеит жәафнызқьҩык инареиҳаны
Акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" адунеи аҟны раԥхьаӡатәи ашәҟәы иҭагалоу лаҵоуп акоронавирус арԥсыҽразы. Иара азхаҵара амоуп 70 ҳәынҭқарра рыҟны.
Иара убас, Урыстәыла иаԥырҵеит егьырҭ алаҵақәагьы: новосибирсктәи ацентр "Вектор" иаԥнаҵаз "ЭпиВакКорона", Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху Аиммунологиатә препаратқәа рыҭҵаареи аус рыдулареи рфедералтә ҭҵаарадырратә центр иаԥнаҵаз "КовиВак", "Спутник Лайт", ахбыџқәра азын "Гам-КОВИД-Вак М".
Ажәабжьқәа зегьы
0