https://sputnik-abkhazia.info/20220119/1037208549.html
Анцәа имҵаныҳәара Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы
Анцәа имҵаныҳәара Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы
Sputnik Аҧсны
Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа ауахәамақәа рҟны имҩаԥысит Иаса Қьырса Иӡаахра иазку Анцәа имҵаныҳәара. 19.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-19T21:15+0300
2022-01-19T21:15+0300
2022-01-19T21:40+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/13/1037201383_0:0:1620:912_1920x0_80_0_0_ab1ed7ece4120fb5cd471275dfec82d2.jpg
Анцәа Иӡаахра ақьырсиантә динхаҵараҿы ихадоу аныҳәақәа рахь иаҵанакуеит, Аԥшьаҩыраҿы иарбоу ахҭыс Иоанн Иаса Қьырса дахьӡааихуаз иадҳәалоуп.Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы Анцәа иӡаахра иадҳәалоу ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит ашьыжь асааҭ 8 инаркны агәнаҳақәа рхыхрала.Аныҳәа традициа хаданы иазыҟоуп аӡы аԥшьара. Аӡы рыԥшьоит ажьырныҳәа 18 аухеи ажьырныҳәа 19 аҽынгьы. Ари аӡы ацәеижьи адоуҳаи арыцқьоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Анцәа дхазҵо маҷҩымкәа Акафедралтә уахәамахь инеит аӡыԥшьа аҩныҟа иргарц. Иара убасгьы ари амш аҽны имҩаԥыргоит аӡаахрақәа.Ажьырныҳәа 19 (ажәытә стиль ала ажьырныҳәа 6) рзы Аӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа. Аныҳәа иара убасгьы Анцәаибара ҳәа иашьҭоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/13/1037201383_0:0:1440:1080_1920x0_80_0_0_b4e55c690aa43627167c5b1a8258d670.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа
Анцәа имҵаныҳәара Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы
21:15 19.01.2022 (ирҿыцуп: 21:40 19.01.2022) Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа ауахәамақәа рҟны имҩаԥысит Иаса Қьырса Иӡаахра иазку Анцәа имҵаныҳәара.
Анцәа Иӡаахра ақьырсиантә динхаҵараҿы ихадоу аныҳәақәа рахь иаҵанакуеит, Аԥшьаҩыраҿы иарбоу ахҭыс Иоанн Иаса Қьырса дахьӡааихуаз иадҳәалоуп.
Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы Анцәа иӡаахра иадҳәалоу ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит ашьыжь асааҭ 8 инаркны агәнаҳақәа рхыхрала.
Аныҳәа традициа хаданы иазыҟоуп аӡы аԥшьара. Аӡы рыԥшьоит ажьырныҳәа 18 аухеи ажьырныҳәа 19 аҽынгьы. Ари аӡы ацәеижьи адоуҳаи арыцқьоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Анцәа дхазҵо маҷҩымкәа Акафедралтә уахәамахь инеит аӡыԥшьа аҩныҟа иргарц. Иара убасгьы ари амш аҽны имҩаԥыргоит аӡаахрақәа.
Ажьырныҳәа 19 (ажәытә стиль ала ажьырныҳәа 6) рзы Аӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа. Аныҳәа иара убасгьы Анцәаибара ҳәа иашьҭоуп.

Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа ауахәамақәа рҟны имҩаԥысит Иаса Қьырса Иӡаахра иазку Анцәа имҵаныҳәара.

Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥган Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы

Аныҳәатә матанеира мҩаԥигеит Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа)

Аӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз

Виссарион (Аԥлиа) анцәахаҵаҩцәа аӡы ԥшьа рықәиҭәоит

Ирацәаҩуп Аҟәатәи ауахәама иаҭааз адинхаҵаҩцәа

Аныҳәа традициа хадас иамоуп аӡы аԥшьара. Ари аныҳәа иара убасгьы Анцәаибара ҳәа иашьҭоуп.

Ҳазшаз аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа.

Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа) Анцәа диҳәоит.

Анцәа Иӡаахра амш аҽны аӡәырҩы рхы рнаҭуеит

Аӡы иӡаархәан ахәыҷқәагьы

Ари аныҳәа ақьырсианраҟны иԥшьоу аныҳәақәа жәаҩа ируакуп