Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аԥсны еицырдыруа ауаа: Ҷолариа Лиолиа Тәанԥҳа илызкны

Аԥсны еицырдыруа ауаа: Ҷолариа Лиолиа Тәанԥҳа илызкны
Анапаҵаҩра
Апоетесса, зегьы еицырдыруа ашәа "Аиааира" ажәақәа равтор Лиолиа Тәанԥҳа ажәырныҳәамза 19 рзы лыԥсы ҭазҭгьы илхыҵауазаарын 70 шықәса.
Аԥсуа милаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Лиолиа Тәанԥҳа игәалашәараҿы дшаанхаз атәы.
"Лиолиа Тәаннԥҳа раԥхьа сыла данаба ашкол даналгоз акәын. Усҟан апедагогикатә институт аҭаларазы саннеи, ашҭаҿы дгылан ӡӷаб қәыԥшк, аамсҭашәара лныԥшуа. Ҳаицәажәараҿы илҳәеит дырҵаҩхарц шылҭахыз атәы. Анаҩс аҵара апроцесс аҿоуп еиҳарак дахьыздыр, ларгьы саргьы хәышықәса аҵара еицаҳҵон. Ахԥатәи акурс аҿы еиҳа лҽаалыртит. Сыла ишабоз деизҳауан. Еснагь лгәы иҭыхон уи аамҭазы иҟаз амилаҭтә ҵысрақәа, урҭ дрызҿлымҳан. Амитингқәа раан ажәлар рыгәҭа акәымкәа, инахараны дгылан акы дазхәыцуа. Есымша акалами абӷьыци лнапы иакын", - ҳәа игәалаиршәеит Ҷолариа Лоилиа Тәанԥҳеи иареи рҵарашықәсқәа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Апоетесса Лиолиа Тәанԥҳа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далахәылан. Лпоезиа ианыԥшуеит аԥсуа жәлар рпроблема, Аԥсназы рхьааи ргәырҩеи, иара убас уи аиҭарҿиареи насыԥ зцу аԥеиԥши рзы ирымоу ргәыӷрақәа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа раан лнапы иҵлыжьит гимнк иаҩызахаз, Аԥсны ахьчаҩцәа афырхаҵарахь ирыԥхьоз ашәа "Аиааира". Урҭ ажәақәа ирылхны акомпозитор Кәасҭа Ченгьелиа ииҩыз ашәа зегьы бзиа еицырбеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0