Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа зегь реиҳа иҳараку ахыбра аиҭашьақәыргылара иалагоит

© Sputnik / Бадри Есиава Строительство 19-и этажного пансионата в центре Гудауты по проспекту Героев
Строительство 19-и этажного пансионата в центре Гудауты по проспекту Героев  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Анапаҵаҩра
19 еихагыла иҟоу апансионат, Гәдоуҭа агәҭа, Афырхацәа рымҩаду аҿы игылоуп. Иара аргылара аанкылан 1992-1993 шықәсқәа раантәи аибашьраан.
ГӘДОУҬА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik, Бадри Есиава. 19 еихагыла иҟоу, зыргылара нагӡам апансионат аинвесторцәа рԥарала еиҭашьақәыргылахоит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ахыбра аиҭашьақәыргылара анардадаҩ Владимир Уласенко.
Аԥхьатәи аихагылақәа ҩба рҟны иҟалоит ақьафурҭа, аспортзал, агәмырҿыӷьгатә центрқәа.
Ахԥатәи аихагыла атехнологиатә усмҩаԥгатәқәа ирызкхоит. Егьырҭ зегьы рҿы 20-20 номер ҟалоит.

"Бжьаратәла аобиект 700-ҩык рҟынӡа аамҭакала ауаа аднакылоит. Уажәы аҽазыҟаҵаратә усурақәа ирҿуп. Агәамсам ықәаагоит, ажәытә вентилиациа ықәаагоит. Иаакәыршаны агәам кажьын, ӡбаарран. Зегь рҭыԥ иқәҵоуп. Аҭыԥантәи акоммуналтә маҵзурақәа рыцхыраарала аӡи алашареи арахь иаагахьеит", - иҳәеит Уласенко.

Асасааирҭа аҵакыраҿы иҟалоит ирԥхоу аӡҭачы, 200 метра иҟоу амшынԥшаҳәа ргылахоит. Ԥырхагак рмоур, аинвесторцәа аобиект ашықәс нҵәаанӡа аусура иаладыргарц рыгәҭакуп.
Анардадаҩ иҳәеит арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟа ахыбра изныкымкәа ишеимырҵәахьаз.
© Sputnik / Бадри Есиава Строительство 19-и этажного пансионата в центре Гудауты по проспекту Героев
Строительство 19-и этажного пансионата в центре Гудауты по проспекту Героев  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2022
Строительство 19-и этажного пансионата в центре Гудауты по проспекту Героев
"Атехникатә план аганахьала ахыбра бзиоуп ҳәа ахырҳәааит иааԥхьаз акомиссиа. Дара аобиект аиҭашьақәыргылара алшоит ҳәа ахә ршьеит. Аусутә рацәоуп. Акоммуникациақәа, аметалл, афымцацәаҳәақәа, аҩнымаҭәа - зегь еимҵәоуп, ашәқәеи аԥенџьырқәеи ҿыхуп", – иҳәеит иара.
Аҟазауаҩ игәаанагарала, аиҭашьақәыргылара ашьҭахь ахыбра атәылаҿ еиҳа иԥшӡоу ахыбрақәа иреиуахоит.
© Sputnik / Бадри Есиава Строительство 19-и этажного пансионата в центре Гудауты по проспекту Героев
Строительство 19-и этажного пансионата в центре Гудауты по проспекту Героев  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2022
Строительство 19-и этажного пансионата в центре Гудауты по проспекту Героев
Аобиект ахәԥса ҳәа иартәо азы Уласенко информациа имам, инвесторцәаны иқәгыло аԥсуа бизнесуаа Сыҷынаа роуп ҳәа иҳәеит иара. Уласенко урҭ ирыпроектуп ҳәа иҳәеит Бамбора хара имгакәа аус зураны иҟоу асасааирҭа "Аԥсны".
Иара иажәақәа рыла, уа уажәы ахыркәшаратә усурақәа мҩаԥысуеит, аартра азԥхьагәаҭоуп иааиуа акурорттә сезон аан.
© Sputnik / Бадри Есиава

Бамбора хара имгакәа аус зураны иҟоу асасааирҭа "Аԥсны"

Бамбора хара имгакәа аус зураны иҟоу асасааирҭа "Аԥсны" - Sputnik Аҧсны
1/3

2/3

3/3

500 ҭыԥ змоу "Аԥсны" акорпусқәа рҿы иазыԥхьагәаҭоуп ақьафурҭа, ачарақәа рымҩаԥгара ахьалшо. Хара имгакәа иалгоит аӡҭарчы, амшынԥшаҳәа.
Афырхацәа рымҩаҿы игылоу апансионати апансионат "Аԥсни" рҟны шәкы рҟынӡа усутә ҭыԥ ҟалоит иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит аобиектқәа рахь уназго амҩақәагьы рремонт шыҟаҵахо.
Ажәабжьқәа зегьы
0