Красноиарсктәи аҳақьымцәа 20 цыра амхалдыз лбааздаз ахәыҷы лыԥсы еиқәдырхеит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота скорой помощи в Москве
Работа скорой помощи в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2022
Анапаҵаҩра
Фҩык аҳақьымцәа рыла ишьақәгылаз абригада ахәыҷы лҳәарах амхалдызқәа рҭыгараз аоперациа мҩаԥыргеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. Красноиарсктәи аԥҟаҩцәа шықәсык зхыҵуа ахәыҷы лырҳәарах иҭыргеит 20 мхалдыз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, атәылаҿацә Агәабзиарахьчараз аминистрра адыррақәа шьаҭас иганы.

"Вика 20 мхалдыз лырҳәарах еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы иахьҭаз ахьаа лнаҭон, иаҵкәон, лыӷра амжьыжькра иалагеит. Уи аҭыгаразы аоперациа ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуан. Фҩык аҳақьымцәа рыла ишьақәгылаз абригада ахәыҷы лҳәарах амхалдызқәа рҭыгараз аоперациа мҩаԥыргеит. Амхалдызқәа ҭыганы аҵкәарақәа рӡахит. Абри ашьҭахь ахәыҷы хымш ареанимациа аҟәшаҿы илхылгеит", – аҳәоит адырраҭараҿ.

Красноиарсктәи атәылаҿацә Канск ақалақь иатәу аӡӷаб хәыҷ ашықәс ҿыц раԥхьатәи амшқәа инадыркны акрыфара даҟәыҵит, дҵәыуон, акрылфаргьы илҿылхуан, акыр илыгхеит. Аҳақьымцәа аԥхьа ак лԥырхагахеит ҳәа иршьеит, аротавирустә инфекциа иақәырҵеит лыҟазшьа. Лыхәышәтәра иаҿын, аха илзеиӷьымхаӡеит. Аренген аҿоуп иахьгәарҭаз лцәеижь иатәым акы лҳәарах аҿы ишыҟаз. Ахәыҷы иаразнак Красноиарскҟа диаган.
Иҵегьы аамҭа цаны днаргазҭгьы, ахәыҷы дырзеиқәмырхар алшон.
Уажәы лара ахирургиатә ҟәшаҿы дышьҭоуп, лшьара дықәло далагеит. Акрылфоит, лыкапангьы иацлеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0