Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Барцыц Гагра араион агәамсам ықәызго амашьынақәа ирызкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Барцыц Гагра араион агәамсам ықәызго амашьынақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Гагра ақалақь акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Ахра Барцыц арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит агәамсам ақәгаразы ирымоу ауадаҩрақәа ртәы, атехника аганахьала иахьынӡеиқәшәоу.
"Агәам ықәызго амашьынақәа иҳаҩсыз ашықәс азы хԥа ҿыцны иҳауит. Иахьазы ҳарзыԥшуп еиҭа быжьба араион зегьы азы. Акы - Пицунда, даҽакы - Бзыԥҭа, ахԥатәи – Цанрыԥшь, иаанхаз ԥшьба - Гагра араион азы. Быжьба рҟынтә акы агәамсам ахала еидызкыло машьыноуп. Хԥа - агәам ықәызго машьынақәоуп. Раагара ҟалар ҟалап февраль агәҭаны", - ҳәа адырра ҟаиҵеит Барцыц.
Гагра ақалақь акоммуналтә усбарҭа аиҳабы иҳәеит агәам ақәгаразы аусутә еиҳарак ианырацәоу аԥсшьаҩцәа аныҟоу аамҭазы шакәу.
"Усҟан ҳаилахоит. Аӡын аусура ҳамч ақәхоит. Уажәы аусзуҩцәа рыла аҽеиқәыршәара ҳаҿуп, иаҳзымхо ауаа ҳадаҳкылароуп. Март мза анҵәамҭазы аштат еиҭа иацҵахоит. Агәамсам ақәгара ишахәҭоу ҳалҳаршап ҳәа сгәы иаанагоит", – ҳәа еиҭеиҳәеит Барцыц.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0