Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа аветеран 100 шықәса лхыҵра лыдырныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Столетний юбилей у Валентины Шульгиной
Столетний юбилей у Валентины Шульгиной - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.01.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәа инхо Валентина Шульгина - Сталинградтәи аибашьра иалахәыз иахьа иаанхан иҟоу лара аӡәк лоуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. Аԥсны инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Валентина Шульгина 100 шықәса лхыҵра лыдырныҳәалеит урыстәылатәи аитәылауаа реидгылеи урыстәылатәи арратә база аоркестори, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Сталинградтәи аибашьра иалахәыз иахьа Аԥсны иаанханы иҟоу Шульгина заҵәык лоуп. Аибашьра Ду алагаанӡа Шульгина аҵара лҵон Омсктәи амедицина афельдшер-акушертә школ аҟны. Уи даналга 1942 шықәсзын афронт ахь дцеит, аибашьра зегьы асанитартә взвод адҵаҟаҵаҩын.
Аиубилиар лыҩны аҿаԥхьа адныҳәалара ҟаҵо иқәгылеит аиҿкаара анапхгаҩцәа, анаҩс урыстәылатәи арратә аоркестр амузыкантцәа аветеран лзы иадырҳәеит амузыкатә композициақәа.
Ақәгылара ашьҭахь аиҿкааҩцәеи ауснагӡатә алахәылацәеи Валентина Шульгина ашәҭқәеи аҳамҭақәеи лзынарышьҭит, илзеиӷьаршьеит агәабзиара, агәамч, анасыԥ, ақәранҵыра ду.
Валентина Шульгина - Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран, Сталинградтәи аибашьра алахәыла, Аеҵәа ҟаԥшьқәа ҩ-орденк ланашьоуп, иара убас, Курсктәи аибашьраз "Агәымшәараз" амедал.
Ажәабжьқәа зегьы
0