Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Иԥшьоу, ацәгьа аԥырҟәҟәаара зылшо": ашәҵлазы иҟоу дыррақәак

© SputnikОсень в лесах Абхазии
Осень в лесах Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2022
Анапаҵаҩра
Ашәҵлазы иҟоу дыррақәак ртәы ҳаԥхьарц ҳалшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Аԥсҭазаараҿы ауаҩы игәазыҳәарақәа рацәоуп, иҭахрақәа ҳәаа рымаӡам. Аха зегьы ирыцкуп агәабзиара. Агәабзиара умамзар, угәазыҳәарақәа наугӡартә алшара уоуам.
Ииашаҵәҟьаны, ашәаԥыџьаԥ заҟа ирацәоу аҟара ауаатәыҩса ргәабзиарагь ӷәӷәахоит. Зыԥсы ҭаны адәы иқәу зегьы зда ихәарҭам аҳауа ацқьареи азҩыдареи зхьыԥшугьы аиаҵәара арацәара ауп. Абна, ашәаԥыџьаԥ ҟамлар ауаҩи аԥсабареи реимадара, реигәыцхәра ԥеиԥш роуам.
Палка на которую садятся ястребы - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2020
Аҵла ихаломызт, амҿы ԥырҟомызт: ашәаԥыџьаԥ анцәахәқәа ирыдҳәалоу згәаҭарақәак
Ҳмилаҭ жәытәаахыс ашәаԥыџьаԥ, аҵлақәа ирыхӡыӡаауан. Ишхырҳагаз, ишыхәарҭаз рдырeан. Уимоу, иԥшьоуп ҳәагьы изымҵаныҳәоз маҷмызт. Аҵлаԥшьақәа иреиуахкуп ашәҵла (урыс бызшәала "бук"). Ашәҵлақәа еиужьны иахьгылоу аҭыԥқәа рҿы аԥсуаа жәытәнатәгьы ныҳәарҭас ирыман.
Ашәҵла аԥсуа фольклор аҿы имаҷымкәа иуԥылоит. Уа уи аԥсы ахоуп, ицәажәоит, ауаҩы дахьчоит, ашәарыцаҩцәа ирыцхраауеит. Аԥсуа лакә ишаҳәо ала, зны шәарыцаҩ бзиак иҷкәын абна дылахан, иқәлашьцеит. Ашәҵла Ажәеиԥшьаа иахь сасра иахьцоз даманы ицоит. Уа рыгәҭа дтәаны акрифеит, акрижәит. Ианаауаз, Ажәеиԥшьаа "ари арԥыс уихылаԥш, дырманшәал" ҳәа абжьеигеит. Ашьыжьымҭан аҷкәын аҩныҟа дандәықәла, ашәҵла "ушнеиуа адомбеи убоит, уи уара иутәуп" ҳәа ианаҳәоит. Аҷкәын адомбеи ишьуеит, уинахыс дшәарыцаҩ бзианы дҟалоит.
Аҵлақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2019
Ахьа, аџь, амжәа, ма ҵла жәлақәак рҟазшьеи рхархәашьеи ирызкны
Ашәҵла уԥылоит Нарҭаа репос аҿы. Нарҭаа ран Саҭанеи-Гәашьа лдырдӷәы ашәҵла иалхын:
"…Лышьхәала днагәҭасын Саҭанеи-Гәашьа,
Шә-ҟьантаз дук лыҵлырҟәҿын Саҭанеи-Гәашьа,
Дардӷәыс иааҟалҵеит Саҭанеи-Гәашьа".
Ашәҵла амчра ду амоуп, насгьы иамоу амчра ацәгьа аԥырҟәҟәаара алшоит ҳәа шырыԥхьаӡоз атәы арҵабыргуеит алаԥшҭәҳәақәа реилазаараҿы иахьцәырҵуа:
"… Ашәы нхыҵ шәы-шәкы гылоуп,
Ашәы аахыҵ шәы-шәкы гылоуп,
Урҭ рыбжьара
Абжь-мшынк инархысҭәҳәалт".
Ашәҵла иаиуаз агәаҩарақәа рҟны ашьха ҭаланы рыҭра ҟарҵон.
Ашьхымза рынцәахәы Анана-Гәында лтәарҭа ҭыԥқәа "Нан-лтәарҭа" ҳәа иашьҭоуп. Аҟәа араион иатәу ашьха қыҭақәа руакы "Цхала-Шәбаара" ахьӡуп. Шәбаара ҳәа азырҳәоит ашәҵлақәа рацәаны иахьрызҳауа аҭыԥ. "Цхала-Шәбаара" цхала иҭәу ашәҵлақәа ахьрызҳауа ауп иаанаго.
Аԥсуа шьхыцқәа рныҳәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2019
"Анана-Гәында лыцхеиԥш инҵәаӡом!": аԥсуа шьхыцқәа рныҳәара
Аҵарауаҩ Акаба Лили Хәыршьыҭ-иԥҳа лусумҭа "Исторические корни архаических ритуалов абхазов" аҿы илыҩуан аԥсуаа ашәҵла иҟалараны иҟоу адыруеит ҳәа шазгәарҭоз. "Ашә цәажәоит. Ауаа ҟәышцәа уи азыӡырҩышьа рдыруан. Ацәажәашьала амш зеиԥшрахо азгәарҭон, аибашьра ҟалараны иҟазар еилыркаауан".
Ахыркәшамҭазы умҳәар залшом, Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо еицырдыруа ажәла Ашәба (азгә. Ашуба, что означает "сын бука") иԥшьоу ашәҵла иахылҿиааит ҳәа жәлар рҿы иҟоу агәаанагара атәы.
архивтә  фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2019
Ашәаа рныҳәара: фы-жәлантәык реицныҳәара Адуахә ахьӡала
Ажәабжьқәа зегьы
0