Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҭаркьылԥҳа: ахыхьчара ҟаҵаны ҳашколқәа аус рымур, наҟ-наҟ аԥеиԥш роуам ҳәа сгәы иаанагоит

Ҭаркьылԥҳа: ахыхьчара ҟаҵаны ҳашколқәа аус рымур, наҟ-наҟ аԥеиԥш роуам ҳәа сгәы иаангоит
Анапаҵаҩра
Аҟәа аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рыбжьара аҿкчымазара аларҵәаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Аҟәа иаҵанакуа ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи зегьы аус руеит, школк ада, аҽыԥхьакрахь ишьҭын 10-тәи ашкол аа-класск ачымазара ахьрылалаз иахҟьаны ҳәа адырра ҟалҵеит Ҭаркьылԥҳа арадио Sputnik аҟны.
"Ашкол аҿы иацазы адырра ҳаман 6-ҩык арҵаҩцәа чмазаҩуп, аа-класск аркуп ҳәа. Ашкол акарантин ахь ишьҭын ақалақь асанитартә ҳақьым хада лабжьгарала", - ҳәа лҳәеит Ҭаркьылԥҳа.
Аҟәа аҵара аусбарҭа аиҳабы илҳәеит зынӡа аҵара процесс анкыланы ахәыҷқәа аҩны рыртәара ииашам ҳәа шылыԥхьаӡо.
"Ҩышықәса инареиҳаны аҵаратә процесс ԥсыҽны имҩасуан ҳәа азаҳаԥхьаӡаратә иҟоуп. Арҵаҩцәа ирҳәоит аҵара бжамҽамны иахьымҩаԥысуа иахҟьаны ахәыҷқәа аинтерес шырцәыӡыз, апрограммагьы ишахьымӡо. Ахыхьчара ҟаҵаны аҭәаацәагьы, ахәыҷқәагьы арҵаҩцәагьы, ҳашкол аус рымур, наҟ-наҟ аԥеиԥш роуам ҳәа сгәы иаангоит", - ҳәа азгәалҭеит Ҭаркьылԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0