Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Хаҳәбиаԥҳа Тҟәарчал ашколқәа рҟны COVID азы аҭагылазаашьа атәы

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Хаҳәбиаԥҳа Тҟәарчал ашколқәа рҟны COVID азы аҭагылазаашьа атәы
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион иахьаҵанакуа ашколқәа рҟны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу, иҟоума аҽыԥхьакра ишьҭу аклассқәа, ачымазара зыдбалоу ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо еиҭалҳәеит араион аҵараҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фросиа Хаҳәбиаԥҳа.
"Тҟәарчал араион, Аԥсны зегьы еиԥш, ачымазара ҿкы алҵшәақәеи, иҟоу аҭагылазаашьеи ирыхҟьаны ирацәаҩуп згәы ҭынчым, ирацәаҩхеит зыдунеи зыԥсахыз ауаа. Ҳақалақь аҟны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахьа иуадаҩуп уҳәартә иҟоуп, аха ҳашколқәа зегьы аус руеит. Акарантин ахь иҳашьҭуеит ичмазаҩхаз арҵаҩцәа, аҵаҩцәа. Аӡынтәи ашколтә ԥсшьарамшқәа ҳарҭысны аҵара ҳаналага ашьҭахь, ичмазаҩхо рхыԥхьаӡара иаҳа ирацәаҩхеит. Араион аҟны иҟоу 16 азеиԥшҵаратә школқәа рҟынтәи зынӡа акарантин ахь ишьҭу ҳәа ыҟаӡам, аха иҟоуп аклассқәа иоужьу. Ус еиԥш хә-класск ыҟоуп. Араион аҟны ичмазаҩхаз арҵаҩцәа иахьазы рхыԥхьаӡара 15-ҩык рҟынӡа инаӡоит, аковидчмазара змоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ҩажәи ҩыџьа ыҟоуп. Ақалақь аҟны ачымазара ҿкы аҟынтәи иԥсыз ыҟоуп, ари ашәара рызцәырнагоит ауаа. Иахьазы 1660–ҩык ахәыҷқәа ахьыҟоу ашкол зҽагзырхо рацәоуп. Аицәажәарақәа мҩаԥаҳгеит араион аҟны ичмазаҩым ныҟәаларц азы, аха аҭаацәа рыбжьара ирацәаҩуп ишәаӡыӡо", - лҳәеит Хаҳәбиаԥҳа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0