Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҿкчымазара агәхьаа мкыкәа: аамҭақәак рнаҩс РУСДРАМ раԥхьатәи аспектакль

Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр бжьымз рышьҭахь ҩаԥхьа ашәқәа аатит. Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара иахҟьаны Аԥсны ахада идҵала ԥхынгәымза 12 аахыс акультура аусбарҭақәа русура аанкылан.
Аԥкрақәа рышьҭахь Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Федирико Гарсиа Лорка иҩымҭала ақәыргыламҭа "Радость вопреки всему" ала аусура хацныркит, ажьырныҳәа 26 азы.
"Радость вопреки всему" аспектакль ахәаԥшцәа дырбаразы ихиан мызқәак раԥхьа, аха ҳтәылаҿы иалагалаз аԥкрақәа ирыхҟьаны ахәаԥшцәа рахь ацәыргара залмыршакәа иҟан.
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Федирико Гарсиа Лорка иҩымҭала ақәыргыламҭа режиссиорс дамоуп Мариа Романова. Ақәыргыламҭа ахықәкқәа ируакуп Лорка иажәеинраалақәа рыла иҩнуҵҟатәи адунеи, ихаҭара заку аарԥшра, атеатр аҭоурых аиҭаҳәара. Асценаҟны адекарациақәа маҷын, ахәаԥшцәеи актиорцәеи еилаҵәон, асцена аханы икнаҳан Лорка ифотосахьақәа, актиорцәа ҟазарыла иаадырԥшуан аҟазара иаҵоу ахьааи ауадаҩрақәеи. Аспектакль испаниатәи апоет иԥсҭазаарахь ухьазырԥшуа акакәны иҟалеит. Аԥсуа театрқәа Лорка иҩымҭақәа ирылхны акымкәа-ҩбамкәа аспектакльқәа ықәдыргылахьеит. Уи ала иуҳҳәар алшоит Лорка ирҿиамҭа аԥсуаа ирзаагәоуп ҳәа.
Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы иалагалаз аԥкрақәа инарықәыршәаны 2021 шықәса нанҳәамзаахыс русура аанкылан акультура аусбарҭақәеи аспорттә хыбрақәеи. Ажьырныҳәа 25 рзы дара русура ахацыркразы азин рыҭан.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥкрақәа рышьҭахь Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Федирико Гарсиа Лорка иҩымҭала ақәыргыламҭа "Радость вопреки всему" ала аусура хацныркит, ажьырныҳәа 26 азы.

Аԥкрақәа рышьҭахь Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Федирико Гарсиа Лорка иҩымҭала ақәыргыламҭа "Радость вопреки всему" ала аусура хацныркит, ажьырныҳәа 26 азы. - Sputnik Аҧсны
1/10

Аԥкрақәа рышьҭахь Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Федирико Гарсиа Лорка иҩымҭала ақәыргыламҭа "Радость вопреки всему" ала аусура хацныркит, ажьырныҳәа 26 азы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Атеатр уахьааҩналоз ахәаԥшцәа ирыдыргалон асабрадақәа.

Атеатр уахьааҩналоз ахәаԥшцәа ирыдыргалон асабрадақәа. - Sputnik Аҧсны
2/10

Атеатр уахьааҩналоз ахәаԥшцәа ирыдыргалон асабрадақәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Атеатр иаҭааз зегьы рнапқәа дыррзҩыдон.

Атеатр иаҭааз зегьы рнапқәа дыррзҩыдон. - Sputnik Аҧсны
3/10

Атеатр иаҭааз зегьы рнапқәа дыррзҩыдон.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Азал аҟны итәаз зегьы асабрадақәа рхан.

Азал аҟны итәаз зегьы асабрадақәа рхан. - Sputnik Аҧсны
4/10

Азал аҟны итәаз зегьы асабрадақәа рхан.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Федирико Гарсиа Лорка иҩымҭала аспектакль ықәлыргылеит арежиссиор Мариа Романова.

Федирико Гарсиа Лорка иҩымҭала аспектакль ықәлыргылеит арежиссиор Мариа Романова. - Sputnik Аҧсны
5/10

Федирико Гарсиа Лорка иҩымҭала аспектакль ықәлыргылеит арежиссиор Мариа Романова.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Атеатр ақәыргыламҭа цәыббрамзазы аԥхьарбара иазхиан.

Атеатр ақәыргыламҭа цәыббрамзазы аԥхьарбара иазхиан. - Sputnik Аҧсны
6/10

Атеатр ақәыргыламҭа цәыббрамзазы аԥхьарбара иазхиан.

© Sputnik / Томас Тхайцук

2021 шықәса нанҳәамзаахыс русура аанкылан акультура аусбарҭақәеи аспорттә хыбрақәеи.

2021 шықәса нанҳәамзаахыс русура аанкылан акультура аусбарҭақәеи аспорттә хыбрақәеи. - Sputnik Аҧсны
7/10

2021 шықәса нанҳәамзаахыс русура аанкылан акультура аусбарҭақәеи аспорттә хыбрақәеи.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ари аамҭазы атеатр аҟны аҽазыҟаҵарақәа ишарҿыц ирҿын.

 Ари аамҭазы атеатр аҟны аҽазыҟаҵарақәа ишарҿыц ирҿын. - Sputnik Аҧсны
8/10

Ари аамҭазы атеатр аҟны аҽазыҟаҵарақәа ишарҿыц ирҿын.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Иара убас, атетар атруппа изныкымкәа Урыстәылаҟа агострольқәа рахь ицахьан.

Иара убас, атетар атруппа изныкымкәа Урыстәылаҟа агострольқәа рахь ицахьан. - Sputnik Аҧсны
9/10

Иара убас, атетар атруппа изныкымкәа Урыстәылаҟа агострольқәа рахь ицахьан.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Актиорцәеи ахәаԥшцәеи реибабара акыр аамҭа иазыԥшын.

Актиорцәеи ахәаԥшцәеи реибабара акыр аамҭа иазыԥшын.  - Sputnik Аҧсны
10/10

Актиорцәеи ахәаԥшцәеи реибабара акыр аамҭа иазыԥшын.

Ажәабжьқәа зегьы
0