ЛЖәР амилициа Киев ажәылара иалагар ҟалоит ҳәа агәҽанҵара ҟанаҵеит

© Sputnik / Николай Сидоров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВоенные учения Народной милиции ЛНР
Военные учения Народной милиции ЛНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2022
Анапаҵаҩра
Украина амчрақәа 2014 шықәса мшаԥымзазы арратә жәылара иалагеит ахьыԥшымра рылазҳәаз ДжәРеи ЛжәРеи ирҿагыланы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Киев ажәылара иалагар ҟалоит Донбассҟа Украина арратә мчрақәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Валери Залужныи инеира ашьҭахь ҳәа аҩуеит РИА Новости Лугансктәи Жәлар рреспублика Жәлар рмилициа ҷыдалатәи ахаҭарнак Иван Филипоненко иажәақәа шьаҭас иганы.

"Агентуратә ԥшыхәра адыррақәа рыла хара имгакәа, Украина арбџьар мчқәа 30-тәи абригада ахьгылоу ахь дааираны дыҟоуп Украина арратә мчрақәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Валери Залужныи Украина аштаб хада аруаа ицны. Агәаанагара ыҟоуп абри ахырхарҭала ажәылара иалагар ҟалоит ҳәа", - иҳәеит иара абрифинг аҿы.

Филипоненко иҳәеит, арегион аҿы амчратә гәыԥқәа рыҽшеизыркуа. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ара иазгәаҭан аинырратә цәаҳәаҿы 40 рҟынӡа аҳауатә ԥшыхәрақәа рымҩаԥгара рҽазыршәаз.
ООН аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, аимак иахҟьаны иҭахахьеит 13 000-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра. Аинышәарақәа ирылацәажәоит, аха урҭ макьаназ илҵшәадоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0