Аексперт далацәажәеит "иауу" COVID-19 аҽацәыхьчаразы иарбан нализқәоу иаҭатәу

© Sputnik / Илона ХварцкияПробирки.
Пробирки. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2022
Анапаҵаҩра
Аекспертцәа ирҳәоит анализқәа анорма иақәымшәозар аамҭа мгакәа аҳақьым ишидҵаалатәу.
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik. Акоронавирустә инфекциа зхызгаз ауаа хымԥада ашьа алеикоциттә формула аазырԥшуа, С-реактивтә хӡы, D-димер рзы анализ арҭароуп ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Амилаҭтә технологиатә ԥшьгамҭақәа (НТИ) "Хелснет" русутә гәыԥ аексперт Андреи Ломоносов.
Вакцинация от Covid-19 сотрудников предприятия ПАО Пигмент в Тамбове - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2022
Гинцбург "Спутник Лайт" омикрон-штамм аҟынтә шә-процентк уахьчоит иҳәеит
Арҭ арбагақәа рышьклаԥшра иалнаршоит ачымазара ахымҩаԥгашьа аилкаара ҳәа иҳәеит аҟазауаҩ.
Ломоносов иҳәеит, ашьа анализ ацәеижь аҭагылазаашьа аанарԥшуеит, С-реактивтә хӡы – иҟоу ахьҭалалара, D-димер атромбқәа рҭагылазаашьа.
Иара иазгәеиҭеит, акоронавирус ахымҩаԥгашьа хаҭалатәуп, аштамм "омикрон" ахҟьаԥҟьақәа Урыстәыла акәым адунеи аҿы ишырзымдыруа.

"Шамахамзар акоронавирус змаз "иауу ковид" аҟазшьақәа рныԥшуеит шықәсыбжак аҟынӡа. Убри азы анализқәа хымԥада иаҭатәуп ашоура шаатәаз, еиҳа ушааиӷьхаз: "омикрон" аан ари аԥшьбатәи афбатәи амшқәа роуп", - иҳәеит Ломоносов.

Згәалаҟазаара бааԥсу ПЦР-тест еиҭарҭароуп –"иауу ковид" аан авирус мызк аҩнуҵҟа иҿкуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0