Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп: Гәдоуҭа араион аҿы COVID-19 алаҵәашьа ахәшьара арҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация города Гудаута
Администрация города Гудаута  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2022
Анапаҵаҩра
Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит асанитартә ԥҟарақәа иқәныҟәаларц, асабрадақәа ныҟәыргаларц.
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа акоронавирус алаҵәара ахәшьара аҭо илҳәеит аҭагылазаашьа уадаҩуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит араион ахадара асаит.

COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара иацлоит. Амедусзуҩцәа рахьгьы ичмазаҩу рацәаҩуп. Ҷанԥҳа илҳәеит ишалшо ала ауаа рхы рыхьчаларц, ақыҭақәа реиҳабацәа алархәны имҩаԥгаз аилатәараҿы.

Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит асанитартә ԥҟарақәа иқәныҟәаларц, асабрадақәа ныҟәыргаларц. Азхьаԥшра аиҭеит алаҵаҟаҵара шхымԥадатәиу. Абри аганахь ала, ауааԥсыра аинформациа-еилкааратә усура рыдҟарҵаларц рыдиҵеит ақыҭақәа рнапхгаҩцәа.
Аилацәажәараҿы ирзааҭгылан егьырҭ хра злоу азҵаарақәагьы, алашара ахархәараз аԥарашәара азҵаара аиԥш иҟоу. Аҩӡба иҳәеит, аԥара зымшәо ишрацәажәалатәу, аус шрыдулатәу.
Рейд по соблюдению масочного режима в Новосибирском метрополитене - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2022
Омикрон-штамм еиҳа иуадаҩны изхызго ауаа рыӡбахә иалацәажәоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0