Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ростуризм аиҳабы Аԥсны ахәрақәа зауз атуристцәа ирзыҟаҵаз аԥарашәара ҭабуп ахылҳәааит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВосточный экономический форум. День второй
Восточный экономический форум. День второй - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра 2 миллионк рзыршәеит Пицунда аԥсшьарҭа "Самшитовая роща" аҿы ахысраан ахәрақәа зауз атуристцәа.
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Ростуризм аиҳабы Зарина Догузова 2021 шықәсазы Пицунда аҭыԥ змаз ахҭыс аан ахәрақәа зауз атуристцәа ирзыҟаҵаз аԥарашәара ҭабуп ҳәа иалҳәеит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба. Абри атәы аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.

"Ииасыз амчыбжь азы ахшәаара роуит. Ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп Аԥснытәи сколлега, атуризм аминистр абри аус ахаҵгыларазы. Иҭабуп шәажәа ахьынашәыгӡаз, иҟаз аиқәшаҳаҭрақәа ахьынагӡоу", - ҳәа лыҩуеит Догузова Instagram аҿтәи лофициалтә даҟьаҿы.

Уаанӡа Ростуризм анапхгаҩы Зарина Догузовеи Аԥсны атуризм азы аминистр Ҭеимураз Хышбеи алацәажәеит Аԥсны урыстәылаа ршәарҭадара азҵаарақәа. Лара игәалалыршәеит "Самшитовая роща" аҿы иҟалаз ахҭыс, иагьазгәалҭеит асасааирҭа анапхгара ахҭыс аҭышәныртәаларазы акгьы шыҟанамҵаз. Иара убас, атуристцәа аԥара шрыҭамызгьы лҳәеит. Уи аҭакс Хышба иҳәеит ари ахҭыс атәыла анапхгара хылаԥшра шанаҭо, ахәрақәа зауз афинанстә цхыраара шроуа.
Ааха зауз атуристцәа 2 миллион мааҭ аԥара рызшәоуп.
"Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны рашәара 15, асааҭ 00:20 рзы Урыстәыла атәылауаа А. А. Филоиани Т. Н. Салимгариеви Лыхны инхо Дмитри Ԥлиеи ажәақәа еимаркын, Ԥлиа аԥсшьаҩцәа дреихсит. Ахәрақәа зауз Гагратәи ахәшәтәырҭахь инаргеит, анаҩс Урыстәылаҟа ииаргеит. Дмитри Ԥлиа иакәзар, иҭирҟьаз хык бырны иара иқәшәеит, иаргьы ахәшәтәырҭахь дыргеит. Ԥлиа иганахьала ашьаус хацыркын, хәышықәса аҭакра иқәырҵар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0