Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алхратә комиссиа хадаҿы иҭарҩит адепутатрахь акандидатцәа раԥшьгаратә гәыԥқәа 110

© Sputnik / Томас ТхайцукРегистрация кандидатов в президенты в ЦИК
Регистрация кандидатов в президенты в ЦИК - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа хәажәкыра 12 рзы имҩаԥысраны иҟоуп, иалырхраны иҟоуп 35-ҩык адепутатцәа.
АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik. Алхратә комиссиа хада (АКХ) аҿы иҭарҩит Аԥсны Апарламент ахь адепутатразы акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа 110.
Ахаша, жәабран 2 рзы аԥшьгаратә гәыԥқәа ԥшьба ҭарҩит:
Асҭамыр Ҭарба - 29-тәи алхратә ҭыԥ хада (Ҷлоутәи),
Алхас Барцыц - 13-тәи алхратә ҭыԥ хада (Гагратәи ақалақьтә),
Сариа Чамагәуаԥҳа - 35-тәи алхратә ҭыԥ хада (Галтәи),
Давид Ԥлиа - 9-тәи алхратә ҭыԥ хада (Мрагыларатәи).
Жәабран ҩба рзы иҟоу аҭагылазаашьала АКХ аҿы иҭаҩуп аԥшьагаратә гәыԥқәа 110, аполитикатә партиақәа хәба. Асиа зегьы шәаԥхьар шәылшоит абра.
Апарламент ахь адепутатцәа ықәзыргыло аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара мҩаԥысуеит жәабран 10 рҟынӡа. Адепутатразы акандидатцәа ҭарыҩраны иҟоуп жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәса азы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0