Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәакәасқьырԥҳа Цира Габниаԥҳа лзы: сывараҿы дыҟан ауаҩы лаша

Кәакәасқьырԥҳа Цира Габниаԥҳа лзы: сывараҿы дыҟан ауаҩы лаша
Анапаҵаҩра
62 шықәса дшырҭагылаз лдунеи лыԥсахит еицырдыруа аԥсуа фольклорист Цира Габниаԥҳа. Лҩыза гәакьа, апедагогикатә институт аиҳабы Ирина Кәакәасқьыр арадио Sputnik иалҭаз аинтервиу аҿы Аԥсны иаԥхаз аҵарауаҩ длыхцәажәеит.
Цира Габниаԥҳа – ААУ адоцент, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы, афольклор аҟәша аиҳабы, лара дравторуп аԥсуа фольклор ажанр маҷқәа ирызку раԥхьатәи амонографиатә усумҭеи аԥсуа мифқәеи алегендақәеи раԥхьатәи аизгеи.
"Цира леиԥш иуаҩы игхара зегьы ҳзы цәыӡ дууп. Аҩызара аганахьала, лнапы злакыз аусура аганахьала, зегь рыла цәыӡ дууп. Аибашьраан, аконфедерациа аштаб аҿы аусура инеиз ҳреиуоп. Убри инаркны уахы-ҩны 30 шықәса раахыс ҳаизааигәан. Издыруан дзызхәыцуаз. Саргьы гәаартыла сзацәажәоз сҩыза хазына лакәын", - ҳәа лҳәеит Кәакәасқьырԥҳа.
Ирина Кәакәасқьырԥҳа иазгәалҭеит лара иҭылҵаауаз аԥсуа фольклор аҿы аԥсуа ԥҳәыс лхаҿсахьа еиԥшҵәҟьа дшыҟаз.
"Лара дызҿыз афольклор акәын. Афольклор аҿы аԥҳәыс лмодель ҳәа иҟоу, уи анаҩс аҳаҭырқәҵара, уи ашьҭахь ауаҩы ицәаҩа бзиаӡақәа - анамыс, аԥшӡара, ауаҩы игәшаҭара, ауаҩы ицхыраара, зегьы лара илылан. Цира лыҩнаҭаҿы имнеиц, лара илымбац, иныҟәлымгац иҟада, убри зегьы ицәырымгаӡакәа. Уажәтәи аамҭазы иаҳцәыцәгьоуп ауаҩ бзиа иԥшаара, ауаҩ бзиа дҳацәцеит, ҳавараҿы дыҟан ауаҩы лаша. Сара хаҭала сывараҿы дыҟан ауаҩы лаша, иахеи уахеи џьара акы саргәамҵыр, сгәы ҭынчын, избанзар издыруан сааигәара Цира дшыҟаз…" - ҳәа еиҭалҳәеит Кәакәасқьырԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0