Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Цыгәба Цандрыԥшьаа фымцалашарала реиқәыршәара иазкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Цыгәба Цандрыԥшьаа фымцалашарала реиқәыршәара иазкны
Анапаҵаҩра
Гагра араион Цандрыԥшь аҳабла инхо фымцлашарала реиқәыршәараҟны иҟоу ауадаҩрақәа, азҵаара ӡбашьас иаиуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳабла ахада ихаҭыԥуаҩ Нали Цыгәба.
"Аибашьра еилгеижьҭеи аҳабла азбжак аихамҩа аҟынтәи иаауа афымца иадҳәалоуп, уа инхо рхатә трансформатор рымаӡам. Иаҭахуп 10-20 мегаватт рҟынӡа иҟоу атрансформатор. Уи ахә жәамиллионк иреиҳауп, убри азы иахьа уажәраанӡа азҵаара аӡбара хәыҷык ицәгьаны иҟоуп. Сынтәа ахьҭақәа ыҟоуп, иара убас даҽа мзызқәакгьы ыҟазар акәхап, афымцалашара даара иазхом. Гагара ахада ицхыраарала ари аӡҵаара ӡбоуп. Атрансформатор 16 мегаватт иҟоу ахә шәоуп, мышқәак рыла аҭыԥаҟны иаауеит. Уи ҩ-нызқь ҭӡы рҟынӡа фымцала еиқәнаршәоит, ианықәыргылаха азҵаара ӡбахоит", - иҳәеит Цыгәба.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны ишәаҳар шәылшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0