Здание репатриации - Sputnik Аҧсны, 1920
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

"Аибашьра ҳақәыӡбеит": Германиа инхо ҳџьынџьуаҩ Џьошькәын Абыгба изкны

© Foto / предоставил Џьошькәын АбыгбаЏьошькәын иҭаацәа
Џьошькәын иҭаацәа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра анцоз уи иамықәыӡбаз ԥсыуак дыҟам. Аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаагьы рабдуцәа рыдгьыл ашьаарҵәыра ианҭагылаз араҟа имҩаԥгаз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс аҳәаақәа ирҭагӡаны рҿахәы рҳәеит. Урҭ дыруаӡәкын Германиа аҳҭнықалақь Берлинынтәи иааз Џьошькәын Абыгба.
Џьошькәын Абыгба Ҭырқәтәыла, Калдахәара ақыҭан диит. Иаб Џьеваҭи иан Севим Аҩӡԥҳаи хәҩык ахшара рааӡеит, хҩык аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи. Џьошькәын Калдахәара ауп раԥхьаӡакәны абжьаратә школ дахьҭалаз. Аҭаацәараҟны ахәыҷқәа аԥсшәа заҵәык акәын ирдыруаз, убри аҟнытә ирцәыуадаҩхеит ҭырқәшәала аҵараҵара. Арҵаҩцәа ҿыӷәӷәала абжьгара ҟарҵон рыҩнаҭақәа рҟны ҭырқәшәала мацара ицәажәаларц. Џьошькәын жәышықәса анихыҵуаз ишынҭаацәаз Германиаҟа ицеит.
© Foto / предоставил Џьошькәын АбыгбаЏьошькәын Абыгба иан
Џьошькәын иҭаацәа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2022
Џьошькәын Абыгба иан
"Германиаҟа нхара ҳаниас, анемец бызшәа ҳҵар акәхеит. Ҳаԥсшәа, аҭырқәшәеи анемецшәеи иахәаҽуа иалагеит. Иахьа схәыҷраан сышцәажәоз еиԥш сҿаҟны иааиӡом, хымԥада, сара сзы уи даара ирыцҳароуп", - иҳәоит иара.
Џьошькәын Абыгба Берлин Кавказ Адернеқь 30 шықәса далахәылан, шықәсыкгьы уи напхгара аиҭон. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аналага, иабдуцәа рыдгьыл иблала ишиимбацызгьы, ҳџьынџьуаа зегьы реиԥш игәнигеит. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс амҩаԥгара аҿҳәара аназгәаҭахагьы, иара дреиуахеит Германиантәи уи иалахәхаз.
"Раԥхьаӡакәны Аԥсны сшьапы анықәсыргала, сцәаныррақәа рҽеиҩыршеит, сыбжа гәырӷьон сҭоурыхтә дгьыл ахь сахьааз, егьи сыбжа еилнакаауан сыжәлар гәакьа аҟазаареи аҟамзаареи аамҭа ишҭагылаз", - инаҵишьит Џьошькәын.
Аделегациа Аԥсны иахьынӡаҟаз аиԥыларақәа маҷымкәа еиҿкаан. Ҭырқәтәыла, Европа аҳәынҭқаррақәа уҳәа рҟынтә иааны иҟаз ҳџьынџьуаа аибашьра иақәыӡбеит, ианыхынҳәгьы, Адернеқьқәа рҿы ҳауаажәлар адыԥхьаланы аҭагылазаашьа атәы рарҳәеит. Имаҷҩым аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа усҟантәи аамҭазы Аԥсны ацхыраара азҭаз.
Џьошькәын Абыгба иажәақәа рыла, иахьа Берлин шә-ҭӡак рҟынӡа аԥсуа ҭаацәарақәа нхоит.
"Сара Берлин издырқәо аԥсуаа рацәаҩӡоуп, уи зыбзоуроугьы акыр шықәса Кавказ Адернеқь сахьалахәылаз ауп. Дара аиҳарак Ҭырқәтәыла, Сақариеи Есқьишьеҳири рҟынтә уахь иқәнагалаз роуп, жәлала иуҳәозар, ирацәаҩуп Аҩӡаа, Кәаӡаа, Џьаԥраа, Габлиаа. Берлин Кавказ Адернеқь аҟны адыгааи ҳареи аӡәк иеиԥш ҳаидгыланы иаҳзеиԥшыз агәалашәаратәи аныҳәатәи мшқәа азгәаҳҭон, амҳаџьыраа ргәалашәара амш, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраҟны игоу Аиааира уҳәа. Еиҿкааны иҳаман амилаҭ кәашареи амилаҭтә музыкатә интрументқәеи ргәыԥқәа. Аԥсшәа арҵаҩы дыҟамызт, аха агәаҳәара змаз адыга бызшәа ҳҵон. Амилаҭ рацәа ҳрыламӡырц азы Кавказ ахаҭарнакцәа лассы-лассы ҳҽеидаҳкылон", - инаҵишьит иара.
© Foto / предоставил Џьошькәын АбыгбаЏьошькәын Абыгба иҭаацәа
Џьошькәын иҭаацәа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2022
Џьошькәын Абыгба иҭаацәа
Џьошькәын иажәақәа рыла, аамҭала Кавказ Адернеқь аҟны ирыдыркылахьан Аԥснынтәи Германиаҟа инеиуаз асасцәагьы. Хаҭала иара аҩны ҳаҭыр зқәиҵазгьы рацәаҩуп.
Џьошькәын иҭаацәаратә ҭоурых инарҵауланы издырӡом. Иара иаб иганахьала иандуи иабдуи заа рыдунеи рыԥсахит. Убри аҟнытә абиԥара ҿа рабшьҭра Аԥсны ишатәу ада аинформациа рымаӡам.
Џьошькәын Абыгба Германиа дынхоит, аха иара дрымадоуп егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟны инхо аԥсуаа аӡәырҩы. Аамҭа-аамҭала еибабоит. Агәыбылрала рмилаҭра еиқәдырхоит ҳәа иаҿуп.
© Foto / предоставил Џьошькәын АбыгбаЏьошькәын Абыгба иҩызцәа
Џьошькәын иҭаацәа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2022
Џьошькәын Абыгба иҩызцәа
Ажәабжьқәа зегьы
0