https://sputnik-abkhazia.info/20220205/gagra-uakhynla-mashynala-ishakym-inyoz-arartsa-aakkhyra-iadyrsheit-1037437251.html
Гагра уахынла машьынала ишакәым иныҟәоз арԥарцәа аҭакԥхықәра иақәдыршәеит
Гагра уахынла машьынала ишакәым иныҟәоз арԥарцәа аҭакԥхықәра иақәдыршәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Уахынла машьынала Гагра агәаны иқәчараазуаз ҩыџьа ауаа административтә қәнага иақәыршәоуп, рмашьынақәа рымхны аҩнуҵҟатәи аусқәа... 05.02.2022, Sputnik Аҧсны
2022-02-05T09:30+0300
2022-02-05T09:30+0300
2022-02-05T09:37+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/05/1036210500_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_a1054c15673588e5d15de883b470e462.jpg
АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Уахынла машьынала Гагра агәаны иқәчараазуаз ҩыџьа ауаа административтә қәнага иақәыршәоуп, рмашьынақәа рымхны аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагратәи араионтә ҟәша амаҵуратә машьынақәа рыргыларҭаҿ идыргылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.Аусбарҭа апресс-маҵзураҿы ишьақәдырӷәӷәоит жәабран 2 ашамҭазы асааҭ 4 рзеиԥш Џьарсалиа Геннади Гагра ақалақь агәаны В. Арӡынба ибаҟа аҿаԥхьа машьынала амашәыртә ҭагылазаашьа шаԥиҵаз. Убри аамҭаз иара арҩашьыгатә маҭәашьарқәа метадони марихуанеи идкыланы дыҟан.Џьарсалиа дҭаркит 30 мшы ҳәа, автомашьына имхны аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагратәи араионтә ҟәша амаҵуратә машьынақәа рыргыларҭаҿ идыргылеит.Жәабран 3 ашарԥаз асааҭ 5 рзы Арӡынба ипроспект аҟны Иунусба Фарид ихатәы машьынала ишәарҭаз амаана ҟаҵаны дықәчаразаауан. Иара амилициа аусзуҩцәа данааныркыла аамҭаз арыжәтә џьбара ыжәны дыҟан.Иунусба 12 000 мааҭ ахараԥса идыршәеит, иавтомашьына имхны Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа иатәу амаҵуратә машьынақәа рыргыларҭаҿ идыргылеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/05/1036210500_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_7dcb8aac03503c2dcf88272fdb812b22.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Гагра уахынла машьынала ишакәым иныҟәоз арԥарцәа аҭакԥхықәра иақәдыршәеит
09:30 05.02.2022 (ирҿыцуп: 09:37 05.02.2022) АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Уахынла машьынала Гагра агәаны иқәчараазуаз ҩыџьа ауаа административтә қәнага иақәыршәоуп, рмашьынақәа рымхны аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагратәи араионтә ҟәша амаҵуратә машьынақәа рыргыларҭаҿ идыргылеит. Абри атәы
аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аусбарҭа апресс-маҵзураҿы ишьақәдырӷәӷәоит жәабран 2 ашамҭазы асааҭ 4 рзеиԥш Џьарсалиа Геннади Гагра ақалақь агәаны В. Арӡынба ибаҟа аҿаԥхьа машьынала амашәыртә ҭагылазаашьа шаԥиҵаз. Убри аамҭаз иара арҩашьыгатә маҭәашьарқәа метадони марихуанеи идкыланы дыҟан.
Џьарсалиа дҭаркит 30 мшы ҳәа, автомашьына имхны аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагратәи араионтә ҟәша амаҵуратә машьынақәа рыргыларҭаҿ идыргылеит.
Жәабран 3 ашарԥаз асааҭ 5 рзы Арӡынба ипроспект аҟны Иунусба Фарид ихатәы машьынала ишәарҭаз амаана ҟаҵаны дықәчаразаауан. Иара амилициа аусзуҩцәа данааныркыла аамҭаз арыжәтә џьбара ыжәны дыҟан.
Иунусба 12 000 мааҭ ахараԥса идыршәеит, иавтомашьына имхны Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа иатәу амаҵуратә машьынақәа рыргыларҭаҿ идыргылеит.