Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьапуаԥҳа Ҷлоутәи ашкол аҟны аиҭашьақәыргыларатә аусурақәа ртәы

Раионк аԥсҭазаараҟынтә : Џьапуаԥҳа Ҷлоутәи ашкол аҟны аусурақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Ҷлоутәи абжьаратә школ аиҳабы Марина Џьапуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит ашкол ахыб аԥсахразы аусурақәа шцо, урҭ ахьынӡанагоу.
"Аусуцәа ргәы ақәкны рус иаҿуп, аха амшцәгьа, хымԥада, ирԥырхагоуп. Ус акыр инаргахьеит (ахыб - азгә.). Ахыб аԥсахразы ирацәаны аидара харгалеит хыхь, убри аҟынтә хәыҷык ақәа ахькылсыз ыҟоуп уаанӡа иахьыҟамыз, аха ԥхасҭа дук ҳамамкәа ҳаиҩысыртә ҳаҟоуп. Ахыб ақәа кылсуан. Ашкол андыргылаз 1980-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны иреиӷьыз, иԥшӡаз, ауаҩы дызхыҽхәашаз хыбраны иҟан, аха аамҭа иара атәы ҟанаҵоит, уиижьҭеи ашкол ахыб ԥсахмызт", - лҳәеит Џьапуаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ашкол аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥагара хымԥадатәны ишыҟоу ахыб аԥсахра анаҩсгьы.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0