Авирусолог апандемиа ашьҭахь аԥсҭазаара зеиԥшрахо атәы далацәажәеит

© AFP 2023 / HAZEM BADERПалестинский лаборант из Министерства здравоохранения обрабатывает большое количество образцов мазков из носа для тестирования на коронавирус в оккупированном городе Хеврон на Западном берегу
Палестинский лаборант из Министерства здравоохранения обрабатывает большое количество образцов мазков из носа для тестирования на коронавирус в оккупированном городе Хеврон на Западном берегу - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2022
Анапаҵаҩра
Уажәы Урыстәыла аепидемиа аизҳара иаҿуп иӷәӷәаны иалаҵәо акоронавирус аомикрон-штамм иахҟьаны.
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Апандемиа анхыркәшахалак акоронавирус ауаа, зынӡаск акәымзаргьы, ирылҵны ицоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, абри атәы URA.RU аҿы иҳәеит авирусолог, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Гамалеи ихьӡ зху Аепидемиологиеи амикробиологиеи рыҭҵаарадырратә центр аҭҵаарадырратә усзуҩ хада Анатоли Альтштеин.
"Адунеи аҟны алаҵа ҟазҵахьоу ахьырацәоу, алаҵа рацәаны иахьаԥҵоу, уи адагьы ирацәаны ауаа ачымазара ахьырхыргахьоу иабзоураны акоронавирус аԥеиԥш цәгьоуп. Аепидемиа иаҳа-иаҳа иагхо иалагоит. Уажәы Урыстәыла аепидемиа аизҳара иаҿуп, аха ус хара ицом, егьырҭ атәылақәа рҿы аҿкы ахымҩаԥгашьа ҳахәаԥшуазар. Хара имгакәа аепидемиа хьаԥссоит. Убас ԥыҭрак ашьҭахь иҳалҵуеит, аха шьаҭанкылаҵәҟьагьы мап", - иҳәеит аҵарауаҩ.
Тест-системы для диагностики нового коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара: "омикрон" ашьҭахь аштамм ҿыцқәа цәырҵуеит
Альтштеин иазгәеиҭеит адунеи аҿы COVID-19 иҵегьы акыраамҭа ишҭырҵаало, ауаагьы ишрыхьло апандемиа анынҵәалак ашьҭахьгьы.
"Акоронавирус аанхоит. Ҳара алаҵаҟаҵара иацаҳҵоит, аха апандемиа иеиԥшу аҭагылазаашьа ҟалом. Уаанӡа ҳзышьцылахьаз аԥсҭазаара ҟалоит, аха авирус аус адулара есымшагьы ҳаҿызаауеит", - иҳәеит авирусолог.
Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара акоронавирустә чымазараҿкы азы апандемиа адунеи иаланаҳәеит 2020 шықәса хәажәкырамзазы. Иахьатәи аамҭазы адунеи аҿы 370 миллионҩык инареиҳаны ирыхьхьеит, 5,5 миллионҩык инареиҳаны рыԥсҭазаара иалҵхьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0